Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа (ААР) апрезидиум ирыланаҳәоит 2020 шықәсазы иҭыҵыз, аҧсышәала иҩу аҵарауаа ҿарацәа (40 шықәса ирҭымсыц) рыҭҵаарадырраҭә усумҭақәа апремиа ранашьаразы аицлабра (аконкурс) шаарту.
Аицлабрахь иқәыргылазар ҟалоит амонографиақәа, астатиақәа реизга, хазы игоу астатиақәа.
Аусумҭақәа рықәыргылара азин рымоуп ААР иаҵанакуа аҭҵаарадырраҭә институтқәа, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет.
Аицлабра аҽалархәразы ажәалагала иацҵатәуп анаҩстәи адокументқәа:
— аусумҭа ықәзыргыло рҟынтә арзаҳал, аҧкаанҵа агәылҩаа, автор иҟазшьарба, насгьы ихаҭара зыршаҳаҭуа Аҧсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩра ахкьыҧхьлаа;
— аусумҭа ахаҭеи аелектронтә версиеи;
Аматериалқәа аконверт иҭаҵаны иалагалатәуп.
Иаиааиз хҩык авторцәа дасу иранашьахоит 50 000 (ҩынҩажәижәаба) нызқь мааҭ аҧаратә ҳамҭа.
Аҳамҭақәа ранашьара мҩаҧгахоит 2021 шықәса, жьҭаарамза 30, Аҧсны аҭҵаарадырра амш аҽны.
Аконкурс ахь адокументқәа рыдыркылоит ҳазҭоу ашықәс лаҵарамза 28-нӡа абри аҭыӡҭыҧ ала: ак. Марр имҩаду, 9; аҭел: +7940–771–23–45;
E-mail: akademana@mail.ru
ААР апрезидиум