Иахьа, ҧхынгәы 18 рзы, 88 шықәса ихыҵит раҧхьаӡатәи аҧсуа профессионалтә фольклорҭҵааҩ, Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи Адыгатәи Жәларбжьаратәи аҭҵааарадыррақәа ракадемиеи ракадемик, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аҧсуа ҳәынҭқарратә университет апрофессор Шоҭа Хьыҷ-иҧа Салаҟаиа.
Аҧсуа фольклорҭҵаара ашьаҭа арӷәӷәараҿы кырӡа рыҵаркуеит Ш.Хь. Салаҟаиа иусумҭа хатәрақәа. Ааҧсара зқәым аҵарауаҩ ибзоураны ианҵоуп, еиқәырхоуп имаҷымкәа афольклор-етнографиатә материал. Ш.Хь. Салаҟаиа иеиқәыршәамҭаны иҭыжьуп аҧсуа жәлар рҿаҧыцтә рҿиамҭақәа рыхрестоматиа.
Шоҭа Хьыҷ-иҧа илшарақәа ҵҩа шрымамгьы, зегь реиҳа ихадараны иҟоуп аҧсуа фольклорҭҵааҩцәа рабиҧара ҿыцқәа реиҵааӡараҿы иибахьо аџьабаа.
Кыршықәса амаҵ ззиухьоу, иахьа-уажәраанӡагьы ихшыҩ згимыжьуа, Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахьӡала имшира идныҳәало, изеиӷьаҳшьоит агәабзиара, агәамч! Шәажәа ҧхылда ҳагымзааит! Шьардаамҭа Анцәа шәнаишьҭааит!