АЛАҲӘАРА

2024 шықәса лаҵарамза 30 рзы асааҭ 11 рзы Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны еиҿкаахо зныктәи Адиссертациатә хеилак аилатәараҿы имҩаԥысуеит «Ачерқесцәа реибашьратә культура итрадициатәу аинститутқәеи Заатәи Абжьарашәышықәсақәа инадыркны ҩажәатәи ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа рҟынӡа урҭ ирыхҭысыз аҽыԥсахрақәеи» захьӡу атемала (азанааҭ 07.00.07 – аетнографиа, аетнологиа, антропологиа) Асланбек Сулҭан-иԥа Мирзоев аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор иҩаӡара ихҵаразы адиссертациа ахьчара. Адиссертациагьы авторефератгьы шьҭоуп Аԥсуаҭҵааратә институт абиблиотекаҿы, иара убасгьы релектронтә версиақәа ҭоуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа асаит akademra.org «Аҭҵаарадырратә усура» аҟәшаҿы.

ЗУРАБ ЏЬАПУА: «АДУНЕИТӘ ҬҴААРАДЫРРА ҲАЗҾЛЫМҲАУП»

Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент Зураб Џьапуа еиҭеиҳәеит Новосибирск иҟоу Урыстәыла Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа Сибратәи аҟәшахьы ицара алҵшәақәа ртәы.

Ҧхынҷкәын 12–14 рзы Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент Зураб Џьапуа далахәын “Евразиа аҳәаабжьаратәи аекономикатә, аҭҵаарадырра-техникатә усеицура” захьӡыз Аҩбатәи Жәларбжьаратәи аконференциа. Уи мҩаҧган Новосибирск Академқалақь ҳәа иҟоу Урыстәыла аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Сибратәи аҟәшаҿы. 

– Сара раҧхьаӡакәны сцеит Сибра, аха абри аамҭа кьаҿ иалагӡангьы ибзианы исбарҭахеит аҭҵаарадырра иамоу амҽхак, иснырит сибратәи аҟазшьа – аҧсабара аҟазшьагьы, ауаа рҟазшьагьы, – иҳәеит З. Џь. Џьапуа. 

Аҧсуа академиа ахада иазгәеиҭеит, ари аҭҵаарадырратә ныҟәара шеиҿкааз ААР 25 шықәса ахыҵра инамаданы Аҟәа имҩаҧысуаз аусмҩаҧгатәқәа раан ҳара ҳ-Академиеи Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Сибратәи аҟәшеи рыбжьара напы зҵаҩыз аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны. Усҟан Сибратәи аҟәша ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ С. Р. Сверчков инаҵшьны иҳәеит УАР авице-президент, Аҟәша аиҳабы В. Н. Пармон Аҧсуа академиа апрезидент Сибраҟа инеира дшазыҧшу, ҳаҭыр зқәу сасык иаҳасабала имҩаҧысраны иҟаз аконференциа аҽалархәразы. Новосибирск имҩаҧысуаз аконференциа аҳәаақәа даара ишыҭбааз атәы аҳәоит, аҧсуа ҭҵаарадырра мҩақәызҵо Зураб Џьапуа уа иахьиоуз алшара драбадырны аусеицура азҵаарақәа дрылацәажәартә еиҧш Урыстәыла аҭҵаарадыррақәа ракадемиа еиуеиҧшым аҟәшақәа рхаҭарнакцәа, Китаи, Монголиа, Азербаиџьан уҳәа адунеитә ҭҵаарадырраҿы зылшарақәа рацәоу аҳәынҭқаррақәа рхаҭарнакцәа. Ирацәаҩын Аҧсуа академиа анапхгаҩы хаҭала иидыруаз, аусеицураз аимадарақәа зыбжьаиҵахьо академиақәа рнапхгаҩцәагьы. Асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо аиҧылара ааиртит УАР авице-президент В. Н. Пармон. Иқәгылеит иара убас Новосибирсктәи атәылаҿацә агубернатор ихаҭыҧуаҩ И. Маинулова, Новосибирсктәи азакәанҧҵаратә еизара ахантәаҩы И. Шимкив, Новосибирск ақалақь ахада А. Локоть. З. Џь. Џьапуа иажәақәа рыла,  аконференциаҿы иҟаҵаз ажәахәқәа рыҭҵаарадырратә ҩаӡара ҳаракӡан. Аҧхьатәи амш аҩбатәи азбжазы имҩаҧысуаз астратегиатә сессиа иахьӡын “Амилаҭтә академиақәа рыҭҵаарадырра-техникатә усеицура – Евразиатәи аинтеграциа ашьаҭа”. Ажәахәқәа рыманы иқәгылеит Беларусь, Ҟазахстан, Монголиа, Узбекистан аҭҵаарадыррақәа ракадемиақәа рнапхгаҩцәа, иара убас УАР Уралтәи, Ахарамрагыларатәи аҟәшақәа рхаҭарнакцәа. Аҧсны аҭҵарадыррақәа ракадемиа апрезидент иажәахә аҿы иӡыригеит аусеицура аганахьала аҧеиҧш бзиа змоу ҳаҭҵаарадырра ахырхарҭақәа. 
Аконференциа аҩбатәи зҵаара хаданы иазалхын “Аҳәаабжьаратәи аекономиатә, аинновациатә, агуманитартә усеицура”. 
Ажәахәқәа рнаҩс ирзааҭгылан хазы иалкааз азҵаарақәа:

1: Урыстәылеи Китаии русеицура;
2: Евразиатәи аекономткатә хеидкыла: аамҭа иақәҿыҭуа;
3: Аҳәаабжьаратәи аинвестициатә проектқәа;
4: Арегионқәа рыбжьара аҭҵаарадырра-техникатә системақәеи атехнопаркқәеи;
5: Евразиатәи ауниверситетбжьаратәи агуманитартә усеицура.
Ари аформат ала аҧсуа ҵарауаҩ иҟаиҵеит даҽа жәахәык: «Эпические традиции народов Кавказа в контексте российского кавказоведения».

Аҧсуа академиа ахада игәаанагарала, аконференциаҿы инаҵшьны иалацәажәан адунеи зегьы ианыҧшуа аҭҵаарадырратә зҵаарақәа, аха убриаан иҩашьомызт, милаҭцыҧхьаӡа ишрымоу дара рхатәы – автономтә – ҭҵаарадырратә хырхарҭақәа. Ус иҟоу азҵаарақәа рырҿиараҿы иара амилаҭ ахаҿра аиқәырхара хықәкы хаданы иқәгылазароуп. З. Џь. Џьапуа изы гәахәара духеит Сибратәи аҟәша иаҵанакуа Афилологиа аинститут аҿы иара инеира иазкны имҩаҧгаз аиҧылара. Акыршықәса дыздыруа, аҭҵаарадырраҿы аус ицзухьо ауаа рзы ныҳәак иаҩызахеит аҧсуа ҵарауаҩ инеира.

Иҭҵаарадырратә ныҟәара еихшьало, Аҧсуа академиа апрезидент иҳәеит, Сибратәи аҟәша аҳәынҭқарра аганахьала иамоу азҿлымҳара, адгылара даара ишыӷәӷәоу. – Ҳгәы иҭаҳкыз аусеицура аҭакҧхықәра ду ҳаднаҵоит, аха иҳалҳмыршар ауӡом, – азгәеиҭеит аҵарауаҩ. Аиҧылараҿы иҟан Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа жәларбжьаратәи рассоциациа иалахәу рацәаҩны. Аҧсуа академиа уи Ассоциациа алалара гәҭакыс иамоуп. Аҧсуа ҵарауаҩ Аҧсныҟа даныхынҳә УАР авице-президент иҟынтә иоуит  аиҧш зеиҧшу аконференциа 2024 шықәсазгьы ихы алаирхәырц азы ааҧхьара. 

(Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апресс-маҵзура)