АЛАҲӘАРА

2024 шықәса лаҵарамза 30 рзы асааҭ 11 рзы Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны еиҿкаахо зныктәи Адиссертациатә хеилак аилатәараҿы имҩаԥысуеит «Ачерқесцәа реибашьратә культура итрадициатәу аинститутқәеи Заатәи Абжьарашәышықәсақәа инадыркны ҩажәатәи ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа рҟынӡа урҭ ирыхҭысыз аҽыԥсахрақәеи» захьӡу атемала (азанааҭ 07.00.07 – аетнографиа, аетнологиа, антропологиа) Асланбек Сулҭан-иԥа Мирзоев аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор иҩаӡара ихҵаразы адиссертациа ахьчара. Адиссертациагьы авторефератгьы шьҭоуп Аԥсуаҭҵааратә институт абиблиотекаҿы, иара убасгьы релектронтә версиақәа ҭоуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа асаит akademra.org «Аҭҵаарадырратә усура» аҟәшаҿы.

АҬҴААРАДЫРРА АРҾИАРАЗЫ АԤШЬГАРА ҾЫЦ

Аԥсуа ҭҵаарадырра арҿиаразы аҵарауаа ҿарацәа рабиԥара аиҵааӡара иамоу аҵакы дырны, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидиум Аспирантуреи акадрқәа разыҟаҵареи рыҟәша Академиеи уи иаҵанакуа аинститутқәеи рнапхгараҟынтә иамоуп ахылаԥшра ҷыда. Аҿар аҭҵаарадырра радыԥхьаларазы, аспирантцәа рдыррақәа реизырҳаразы арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны иҟаҵоу шмаҷымгьы, аҟәша аусура еснагь бла ҿыцла ахәаԥшра иалҵшәаны, ицәырҵуеит заԥхьаҟа аҭҵаарадыра зхы азызкырц зыӡбаз аҵарауаа қәыԥшцәа иалырхыз аус агәыбылра дыркразы иаԥшьгоу аус ҿыцқәа.

Убас, ААР аспирантцәа рзы иазԥхьагәаҭоу, ихымԥадатәиу – иалырхыз азанааҭ, афилософиа, атәым бызшәа – ирызку алекциақәа рнаҩсгьы, ихацыркуп егьырҭ еиуеиԥшым аҭҵаарадырратә хырхарҭақәа рҿы рылаԥшҳәаа зырҭбааша, ганрацәала адырра рызҭаша, Аԥсни уи анҭыҵи еицырдыруа аҵарауааи ауаажәларратә, акультуратә усзуҩцәеи рлекциақәа.

Аамҭа кьаҿк иалагӡаны аспирантцәа рзы имҩаԥган аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор С.М. Шамба Аԥсны акәша-мыкәша ишьақәгыланы иҟоу жәларбжьаратәи аҭагылазаашьа иазкыз илекциа; атехникатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор И.А. Екба арԥхарҭатә нырра адгьылтә ҳауаԥхарра ишаныԥшуа иазкыз илекциа; аҟазараҭҵаара акандидат, Аԥсны жәлар рартист Н.В. Ҷанба аҟазара аҭоурых иазкыз илекциа.

Ҿыцаԥшьгараны ашьақәгылара иаҿу арҭ алекциақәа ирыбзоураны, аспирантцәеи аҵарауаа ҿарацәеи ироуеит алшара дара хықәкыла иалырхыз азанааҭ инахыҳәҳәаны, аҵарауаҩҵәҟьа ишиқәнаго еиԥш, хырхарҭа рацәала адыррақәа рырҳара.

Иҳәатәуп, аспирантураҿы иазԥхьагәаҭоу амаҭәарқәа рыла алекциақәа ирыԥхьарц азы Аԥсныҟа ишаахьо аӡәырҩы аҵарауаа хатәрақәа.

Аԥсуа ҭҵаарадырра аҿиашьа еснагь гәыҵхас измоу Академиа анапхгара асеиԥш иҟоу аидеиа ҿыцқәа қәҿиарала ирыцнарыгӡоит, еиҿыркаауеит Аспирантуреи акадрқәа разыҟаҵареи рыҟәша анапхгаҩы В.А. Кәаӷәаниеи Аҟәша аспециалист хада С.Л. Хагәышьԥҳаи.