Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидиум гәалсра дула адырра ҟанаҵоит иԥсҭазаара дшалҵыз иналукааша аҵарауаҩ-алингвист, афилологиатә ҭҵаарадырақәа рдоктор, апрофессор, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт абызшәа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ хада, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа академик, Адыгатәи жәларбжьаратәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа академик, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Раԥхьатәи апрезидент, Гь. А. Ӡиӡариа ихьӡ зху аҭҵаарадырраҿы Аԥсны аҳәынҭқарратә премиа алауреат, «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡареи Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа «Ахьтәы медали» занашьоу
ШОҬА ҞАСҬЕИ-ИԤА АРСҬАА
иагьрыдышшылоит уи иуацәеи иҭынхацәеи.