Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент Зураб Џьапуа Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа имшира идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы иаҳәоит:
Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иҧа, Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидиуми, ҳтәыла аҭҵаарадырратә хәышҭаарақәеи, хаҭала сареи ҳахьӡала адныҳәаларақәа шәыдышәкыл.
Агәрагара ҳамоуп, шәара, ҭакҧхықәра ҳаракыла шәус азнеишьеи, ишәымоу адыррақәеи, ҳтәыла астратегиатә ҿиареи, лассы-лассы шәҿаҧхьа иқәгыло имариам азҵаарақәа рыӡбареи, Аҧсны аизҳазыҕьареи ишырзышәкуа.
Шәықәра ҿыц шәыдныҳәало, ишәзеиҕьаҳшьоит аҧсуа иқәранҵыра рацәа, аманшәалареи ачҳареи шәнапы иану, шәыжәлари шәыҧсадгьыли рымаҵ аураҿы.