АЛАҲӘАРА

2024 шықәса лаҵарамза 30 рзы асааҭ 11 рзы Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны еиҿкаахо зныктәи Адиссертациатә хеилак аилатәараҿы имҩаԥысуеит «Ачерқесцәа реибашьратә культура итрадициатәу аинститутқәеи Заатәи Абжьарашәышықәсақәа инадыркны ҩажәатәи ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа рҟынӡа урҭ ирыхҭысыз аҽыԥсахрақәеи» захьӡу атемала (азанааҭ 07.00.07 – аетнографиа, аетнологиа, антропологиа) Асланбек Сулҭан-иԥа Мирзоев аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор иҩаӡара ихҵаразы адиссертациа ахьчара. Адиссертациагьы авторефератгьы шьҭоуп Аԥсуаҭҵааратә институт абиблиотекаҿы, иара убасгьы релектронтә версиақәа ҭоуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа асаит akademra.org «Аҭҵаарадырратә усура» аҟәшаҿы.

Бӷажәба Олег Хәыхәыт-иԥа

Археолог, аҭоурыхҭҵааҩ, кавказҭҵааҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, ААР алахәыла иаша, анапылампыл азы Аԥсны аспорт азҟаза.

Диит 1941 шықәса нанҳәа аказы Аҟәа ақалақь. 1958 шықәсазы хьтәы медалла далгоит Н. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи ажәабатәи абжьаратә школ. 1963 шықәсазы диплом ҟаԥшьыла иҵара хиркәшоит А.М. Горки ихьӡ зху Ставропольтәи аҳәынҭқарратә педагогикатә институт аҭоурых-филологиатә факультет. 1967 шықәсазы далгоит СССР Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Археологиа аинститут аҿтәи аспирантура. 1968 шықәсазы аусура далагоит Д.И Гәлиа ихьӡ зхыз Қырҭтәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иаҵанакуаз Абызшәеи, алитературеи аҭоурыхи ринститут археологиа аҟәшаҿы. Анаҩс уи аҟәша напхгара аиҭоит.

О.Хә. Бӷажәба икандидаттә диссертациа темас иаман «Абжьарашәышықәсазтәи Аԥсны аматериалтә культура. VI–XIII ашә.». Уи қәҿиарала ихьчеит 1972 шықәсазы. Адоктортә диссертациа ихьчеит 1995 шықәсазы «Мраҭашәаратәи Кавказ ҳера ҟалаанӡа I азқьышықәса инаркны – ҳера II азқьышықәса абжанӡа аиха аус адулара нап шаркыз» атемала.

Аԥсны иахьаҵанакуа (ақ. Мықә, Бедиа, Афон Ҿыц) иҟоу аԥсыжырҭақәеи ауахәамақәеи рҿы аҵхрақәа мҩаԥигахьеит, Аԥсны ажәытәтәии абжьарашәышықәсазтәии абаагәарақәа реибаркырақәа ҭиҵаахьеит. СССР Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Археологиа аинститут аԥсабара-ҭҵаарадырратә лабораториа аҟны аиха аҭҵааразы астажировка дахысхьеит. Уахь иара командировка ҳәа дышьҭын 1973–1980 шықәсқәа рзы. Ажәытәтәии Абжьарашәышықәсазтәии Аԥсны аихалыхқәа 500 инареиҳаны анализ рзиуит. СССР иахьаҵанакуа зегь реиҳа ижәытәӡатәиу (III – IV ашә.) дамассктәи аҳәақәа аазырԥшыз иара иоуп. Имҩаԥигаз аҭҵаарақәа ирылҵшәаны О.Хә. Бӷажәба ишьақәиргылеит аҭҵаарадырратә лкаа. Уи излаҳәо ала, Аԥсны аиха аус адулараҿы ижәытәӡатәиу ахәышҭаарақәа иреиуоуп. О.Хә. Бӷажәба ажәахәқәа ҟаиҵахьеит антикаҭҵааҩцәеи византиаҭҵааҩцәеи рконференциақәа рҿы. Ҩынтә аиҭаҭыжьра збахьоу арҵагатә шәҟәы «Аԥсны аҭоурых» аиқәыршәара далахәын (1991, 1993). 2006 шықәсазы иҭыҵыз ажәабатәи ажәеизатәи аклассқәа рзы «Аԥсны аҭоурых» арҵагатә шәҟәы авторцәа дыруаӡәкуп. Иара убас 2007 шықәсазы иҭыҵыз «Ажәытәӡатәи аамҭақәа раахыстәи Аԥсны аҭоурых» авторцәа дреиуоуп.

О.Хә. Бӷажәба 25 шықәса инареиҳаны аус иухьеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны.

Авторс дрымоуп 150 инареиҳаны аҭҵаарадырратә статиақәеи амонографиақәеи. 

Аԥсуа ҭҵаарадырраҿ иҟаиҵаз алагалазы О.Хә. Бӷажәба 2011 шықәсазы ихҵан «Аԥсны зҽаԥсазтәыз аҭҵаарадырра аусзуҩ» ҳәа ахьӡ.