АЛАҲӘАРА

2024 шықәса лаҵарамза 30 рзы асааҭ 11 рзы Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны еиҿкаахо зныктәи Адиссертациатә хеилак аилатәараҿы имҩаԥысуеит «Ачерқесцәа реибашьратә культура итрадициатәу аинститутқәеи Заатәи Абжьарашәышықәсақәа инадыркны ҩажәатәи ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа рҟынӡа урҭ ирыхҭысыз аҽыԥсахрақәеи» захьӡу атемала (азанааҭ 07.00.07 – аетнографиа, аетнологиа, антропологиа) Асланбек Сулҭан-иԥа Мирзоев аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор иҩаӡара ихҵаразы адиссертациа ахьчара. Адиссертациагьы авторефератгьы шьҭоуп Аԥсуаҭҵааратә институт абиблиотекаҿы, иара убасгьы релектронтә версиақәа ҭоуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа асаит akademra.org «Аҭҵаарадырратә усура» аҟәшаҿы.

АԤСНЫТӘИ АҴАРАУААИ НХЫҴ-КАВКАЗТӘИ АУНИВЕРСИТЕТИ АУСЕИЦУРАЗЫ ЕИЛАЦӘАЖӘЕИТ

Фото © Sputnik / Асмат Цвижба

24.09.2020

Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә университет аусзуҩцәа рделегациа Аԥсны усутә ныҟәарыла иаҭааит.

АҞӘА, цәыббра 24 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Кавказтәи афедералтә университет аусзуҩцәеи Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аусзуҩцәеи реиԥылара мҩаԥысит Аҟәа, цәыббра 24 рзы.

Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада Зураб Џьапуа иажәақәа рыла, рколлегацәа раара хықәкыс иамоуп Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аусуреи аиҿкааратә структуреи реилкаареи Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә университети Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи русеицура алацәажәареи.

Ԥхьаҟатәи аусеицура аԥеиԥшқәа дрылацәажәо, Џьапуа иазгәеиҭеит Аԥсны агеографиатә ҭагылазаашьеи аҳауатә ҷыдареи ареспублика аексперименттә ҭҵаарақәа рзы иҭыԥ бзианы ишыҟарҵо. Иара игәаанагарала, Аԥсны иалшоит ананотехнологиатә институти ареабилитациатә центри раԥҵара.

“Ҳара ҳхырхарҭақәа ирхадароу аинырра акурси аусеицуреи роуп. Асовет аамҭазы иҟаз аҭҵаарадырратә усҳәарҭақәа ирымаз аимадарақәа зегь реиқәырхара залмыршахеит. Дара еиԥҟьеит СССР анеилаҳа ашьҭахь, Аџьынџьтәылатә еибашьра иахҟьаз аполитикатәии аекономикатәии ҭагылазаашьақәа рышьҭахь, Урыстәыла Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ареформақәа рышьҭахь. Убри азы ирацәоуп изызхәыцтәу, иҟаҵатәу”, – иҳәеит иара.

Нхыҵ-Кавказтәи ауниверситет аректор Дмитри Беспалов иҳәеит ауниверситет ишазԥхьагәанаҭо “аԥеиԥш змоу ахырхарҭақәа аус рыдулара”.

“Ҳара иахьа Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ҳаҭааит ԥхьаҟатәи аусеицуразы апланқәа ҳрылацәажәарц. Ҳуниверситет азыхиоуп Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи иареи афизика, ахимиа, ананотехнологиақәа, агротехнологиақәа, афатәаалыҵ атехнологиақәа, аполитологиа русхк аҟны аусеицура. Аԥсны агеографиатә ҭагылазаашьа ҷыда инадҳәаланы иалшоит иаԥҵахар атуризм, амедицина, ареабилитологиа русхк иатәу ацентр аԥҵара”, – иҳәеит иара.

Нхыҵ-Кавказтәи ауниверситет аԥҵан 2012 шықәса рзы – Нхыҵ-Кавказтәи аҳәынҭқарратә техникатә университет, Ставропольтәи аҳәынҭқарратә университет, Пиатигорсктәи аҳәынҭқарратә гуманитар-технологиатә университет рышьаҭала.

Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә университет ахь иаҵанакуеит: агуманитартә, анџьныртә, азиндырратә, аматематикеи аинформациатәи технологиақәа, Адгьыл азы аҭҵаарадыррақәа, аҵареи асоциалтәи ҭҵаарадыррақәа, аекономикеи анапхгареи, асервис, атуризми адизаини, афизика-техникатәи, ахимиа-фармацевтикатәи факультетқәеи арра-ҵаратә центри.