АЛАҲӘАРА

2024 шықәса лаҵарамза 30 рзы асааҭ 11 рзы Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны еиҿкаахо зныктәи Адиссертациатә хеилак аилатәараҿы имҩаԥысуеит «Ачерқесцәа реибашьратә культура итрадициатәу аинститутқәеи Заатәи Абжьарашәышықәсақәа инадыркны ҩажәатәи ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа рҟынӡа урҭ ирыхҭысыз аҽыԥсахрақәеи» захьӡу атемала (азанааҭ 07.00.07 – аетнографиа, аетнологиа, антропологиа) Асланбек Сулҭан-иԥа Мирзоев аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор иҩаӡара ихҵаразы адиссертациа ахьчара. Адиссертациагьы авторефератгьы шьҭоуп Аԥсуаҭҵааратә институт абиблиотекаҿы, иара убасгьы релектронтә версиақәа ҭоуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа асаит akademra.org «Аҭҵаарадырратә усура» аҟәшаҿы.

АԤСНЫ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИА АПРЕЗИДИУМ ИЗААМҬАНЫТӘИУ АИЛАТӘАРА МҨАԤЫСИТ ЖӘАБРАНМЗА 28 РЗЫ

Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Апрезидиум изаамҭанытәиу аилатәара мҩаҧысит жәабранмза 28 рзы.

Амш аусхәаҧштә ала Апрезидиум алахәылацәа азҵаарақәа жәпакы ирзааҭгылеит.

ААР апрезидент Зураб Џьапуа аилатәараҿы ирылеиҳәеит, Аҧсны ахада иқәҵарала иаҧҵоу Сергеи Багаҧшь 75-шықәса ихыҵра иазку Аҳәынҭқарратә комиссиа аӡбарала, Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа март акынӡа иҟанаҵар шакәу ажәалагалақәа аҭҵаарадырра-практикатә конференциа амҩаҧгаразы. Убри аҟынтә аилатәараҿы иаҧҵан Аиҿкааратә комитет. Уахь иалаҵоуп аҵарауаа – ААР апрезидент Зураб Џьапуа, Лиосик Аиба, Арда Ашәба, Алеко Гәарамиа, Валери Кәарҷиа, Виачеслав Чрыгба, Заур Шьалашьаа, иара убас Зураб Багаҧшь, Екатерина Бебиа, Ераст Агәмаа. Аиҿкааратә комитет амаӡаныҟәгаҩыс дҟаҵоуп ААР Д. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт аҵарауаҩ-маӡаныҟәгаҩ Наала Хьециаҧҳа.

Апрезидиум аилатәараҿы иазгәаҭан, аконференциа жәларбжьаратәи астатус аиур шакәу, рыӡбахә ҳәан хаҭала ааҧхьара зыҭахаша аҵарауаа.

Анаҩс иазааҭгылан ААР асистема иаҵанакуа аҵарауааи аспирантцәеи есышықәсатәи рҧаратә џьшьарақәа ирызку Ақәҵара аҧсахрақәа ралагалара азҵаара. Аҧаратә џьшьаррақәа ранашьахоит аконференциақәа шаҟа активла ирылахәыз, заҟа кьыпхьымҭақәеи, амонографиақәеи, ашәҟәқәеи ҭрыжьыз азгәаҭаны.
Анаҩс Апрезидиум алахәылацәа ишьақәдырӷәӷәеит Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа асистемаҿы 2023 шықәсазы зҽалызкааз аҵарауааи аспирантцәеи рсиа.

ААР актәи авице-президент Сергеи Бебиа аҵарауаа идирдырит ААР асистема иаҵанакуа аҭҵаарадырратә еиҿкаарақәа рҿы адиректорцәа ралхра иазку Аҧҟара аиҭакрақәа ралагалара иазкны. Аинститутқәа рҟынтә адиректор иалхразы ҩыџьа ркандидатурақәа аашьҭлазар шауа иазыразхеит.

Апрезидуим аилатәараҿы ишьақәырӷәӷәан аҧсуа бызшәазы Аексперттә комиссиа алахәылацәа рсиа. Уи иалоуп – Зураб Џьапуа, Џьиулетта Адлеиҧҳа, Ҭали Џьапуаҧҳа, Владимир Занҭариа, Алықьса Касланӡиа, Валери Кәарҷиа, Гәында Кәыҵниаҧҳа, Ирина Кәакәасқьырҧҳа, Лили Ҳагҧҳа, Лиуба Цәеиҧҳа, Виачеслав Чрыгба.

Иара убас академикцәа алацәажәеит ААР Апрезидиум иатәу Аексперттә комиссиа аиҿкаара азҵаара. Уи акомиссиа алкаақәа аекспертиза аҟазшьа роуеит. Аексперттә комиссиа алахәылаҩцәа рҭак ҟарҵалоит дара рахь аҳәынҭқарратә усбарҭақәа иаарышьҭуа еиуеиҧшым азҵаарақәа, ахәшьара рырҭалоит аҳәынҭқарратә программақәеи апроектқәеи.