АЛАҲӘАРА

2024 шықәса лаҵарамза 30 рзы асааҭ 11 рзы Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны еиҿкаахо зныктәи Адиссертациатә хеилак аилатәараҿы имҩаԥысуеит «Ачерқесцәа реибашьратә культура итрадициатәу аинститутқәеи Заатәи Абжьарашәышықәсақәа инадыркны ҩажәатәи ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа рҟынӡа урҭ ирыхҭысыз аҽыԥсахрақәеи» захьӡу атемала (азанааҭ 07.00.07 – аетнографиа, аетнологиа, антропологиа) Асланбек Сулҭан-иԥа Мирзоев аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор иҩаӡара ихҵаразы адиссертациа ахьчара. Адиссертациагьы авторефератгьы шьҭоуп Аԥсуаҭҵааратә институт абиблиотекаҿы, иара убасгьы релектронтә версиақәа ҭоуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа асаит akademra.org «Аҭҵаарадырратә усура» аҟәшаҿы.

Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа имҩаҧнагеит Аҭҵаарадырра амш иадҳәалаз Азеиҧш еизара

Жьҭаарамза 29 рзы Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа имҩаҧнагеит Аҭҵаарадырра амш иадҳәалаз Азеиҧш еизара. Сынтәа иҵит 24 шықәса Аҧсны Актәи Ахада Владислав Арӡынба Аҧсуа Академиа аҧииҵеижьҭеи.
Азеиҧш еизара иалахәын Академиа аилазаараҿ иҟоу аинститутқәа рнапхгаҩцәа, аҵарауаа, аилатәара сасцәаны иаҭан Аҭҵаарадырреи акультуреи рзы Аҧсны Ахада иабжьгаҩ Ныгәзар Лагәуеи Аҧсны Жәлар Реизара аспикер Валери Кәарҷиеи.
Аиҧылара аартуа, ААР апрезидент Зураб Џьапуа еизаз зегьы ирыдиныҳәалеит аҧсуа ҭҵаарадырра амш хада, иааркьаҿны дрылацәажәеит ари арыцхә аҭоурых, иара убас ҳҳәынҭқарраҿы аҭҵаарадырра иааннакыло аҭыҧи иахьа уи аҿиара иаҧырхаго ауадаҩрақәеи.
Аҧсны Ахада иабжьгаҩ Ныгәзар Лагәуа даҧхьеит ҳҳәынҭқарра Апрезидент Аслан Бжьаниа аҵарауаа рыхьӡала иааишьҭыз адныҳәалара.
Азеиҧш еизара аусура хацыркуа, абжьыҭираз иқәыргылан ААР Ақыҭанхамҩатә институт адиректорс еиҭалхыз Лиосик Аиба ишьақәырӷәӷәара азҵаара. Аизара алахәылацәа иаартыз бжьыҭирала еицҿакны рыбжьы ирҭеит Аинститут иахьа-уажәраанӡагьы напхгара азҭоз Лиосик Аиба.
Академиа авице-президент Сергеи Бебиа иқәгылараҿы иааркьаҿны далацәажәеит анаҩс абжьыҭираз иқәыргылаз ААР анапаҵаҟа иҟоу аҭҵаарадырратә еиҿкаарақәа рнапхгаҩцәеи русзуҩцәеи аттестатиа рахыжьразы аҧҟара хадақәа. Иаартыз бжьыҭирала аизара алахәылацәа арҭ аҧҟарақәа рыдыркылеит.
Аилатәараҿы хазы ирзааҭгылан иаҳхысыз ашықәс иалагӡаны иҭыҵыз аҭҵаарадырратә усумҭақәа. Ари азҵаарала иқәгылеит ҩ-сериакны иҭыҵуа Академиа апериодикатә ҭыжьымҭа “ААР Адырраҭара” аҭакзыҧхықәу аредакторцәа Виачеслав Чрыгбеи Ианварби Екбеи, аекономика ахырхарҭала иҭыҵыз ашәҟәы ахҳәаа аиҭеит ААР Аекономикеи азини ринститут адиректор Заур Шьалашьаа, аҭҵаарадырратә ҭыжьымҭақәа иааркьаҿны ирыхцәажәеит Валери Кәарҷиа, Иван Ҭарба, Арда Ашәба, Владимир Занҭариа, Зураб Џьапуа, Саида Ҳаџьым.
Академиа Азеиҧш еизарахь ааҧхьара змаз, ааигәа адиссертациатә усумҭақәа зыхьчаз, аҵарауаа Елисо Сангәлиа, Алхас Аргәын, Беслан Аргәын рнапаҿы идыркын рыҭҵаарадырратә ҩаӡара шьақәзырӷәӷәо адипломқәа. Иара убас Академиа иаҧшьнагаз аҧсышәала иҩуа аҧсуа ҵарауаа ҿарацәа рзы апремиа сынтәа ианашьан Ҵәыџь Рашьыҭ.
Абасала ишьақәгылаз Аҧсуа академиа Азеиҧш еизара хыркәшо, Зураб Џьапуа иазгәеиҭеит аҵарауаа рҿаҧхьа ишьҭоу аусқәа шырацәоу. Урҭ рынагӡаразы ишырзеиӷьаишьо агәабзиареи агәацҧыҳәареи.