АЛАҲӘАРА

2024 шықәса лаҵарамза 30 рзы асааҭ 11 рзы Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны еиҿкаахо зныктәи Адиссертациатә хеилак аилатәараҿы имҩаԥысуеит «Ачерқесцәа реибашьратә культура итрадициатәу аинститутқәеи Заатәи Абжьарашәышықәсақәа инадыркны ҩажәатәи ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа рҟынӡа урҭ ирыхҭысыз аҽыԥсахрақәеи» захьӡу атемала (азанааҭ 07.00.07 – аетнографиа, аетнологиа, антропологиа) Асланбек Сулҭан-иԥа Мирзоев аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор иҩаӡара ихҵаразы адиссертациа ахьчара. Адиссертациагьы авторефератгьы шьҭоуп Аԥсуаҭҵааратә институт абиблиотекаҿы, иара убасгьы релектронтә версиақәа ҭоуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа асаит akademra.org «Аҭҵаарадырратә усура» аҟәшаҿы.

Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа изаамҭанытәу азеиҧш еизара

Апрель 3, 2015 шықәсазы имюаҧысит Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа изаамҭанытәу азеиҧш еизара. Аизара иалахәын Аҧсны Ахада Р.Џь. Ҳаџьым, Аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ Ш.У. Аӡынба, Аҳәынҭқарра Ахада иабжьгаҩ В.К. Занҭариа, аминистрцәа А.П. Какоба, В.А. Чрыгба, Р.К. Оҭырба, Е.А. Арсалиа, адепутатцәа, арҿиаратә, аҭҵаарадырратә интеллегенциа.

Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент З.Џь. Џьапуа, аиҧылара хацыркуа, инаҵшьны иазгәеиҭеит азеиҧш еизара зызку  Академиа иаҵанакуа аинститутқәа 2014 шықәсазтәи рыҭҵаарадырратә усура аихшьалара шакәу.

Иҳаҩсыз ашықәс аҧсуа ҭҵаарадырратә еилазаара ианаҭаз ааха ӷәӷәақәа ртәы азгәаҭо, аизара иалахәыз минуҭктәи ҿымҭрала ирыҧшьеит урҭ ргәалашәара.

З.Џь. Џьапуа иааркьаҿны дырзааҭгылеит ААР аҧҵара аҭоурыхи аинститутқәа рҷыдаҟазшьақәеи ртәы. Иазгәеиҭеит аинститутқәа рхыҧхьаӡара иаарту асистема аманы ишыҟоу. Академиа аихьӡарақәеи ҧхьаҟатәи ахықәкқәеи рызҵаара далацәажәо, Академиа апрезидент иҳәеит: «2014 шықәсазы Академиа апрезидиум аиҿкааратә усура еиҳарак ҩ-хырхарҭак аманы иҟан. Акы – Академиа азинтә-нормативтә документқәа рырҿыцра, раҧҵара. Ҩба – Академиа асистема афинансқәа рзоужьшьа амеханизм азнеишьа ҿыцқәа азыҧшаара».

Актәи азҵаарала аус адулан ААР Аҧҟаҧҵәа ҿыц, иаҧҵан аспирантуреи, адоктарантуреи, адиссертациатә ҩаӡара аҭашьеи рзы аҧ ҟарақәа. Ирхиан акандидаттәи адоктортәи дипломқәа рмакетқәа.

Аҩбатәи азҵаарала имҩаҧган имаҷымкәа аиҧыларақәа Аҳәынҭқарреи Академиеи рнапхгарақәа рыҩныҵҟа; ААР аилазаараҿ иаҧҵан Аҭҵаарадырра аҿиара афонд, уи аусушьазы аҧҟара, афонд ахеилак.

З.Џь. Џьапуа иазгәеиҭеит агранттә системала аусура анеиҿкааха, аиститутқәа рыҭҵаарадырратә лҵшәақәа еиҳа ишеиӷьхо. Уагьы егьырҭ еиуеиҧшым азҵаарақәа рҿгьы иахьатәи Аҳәынҭқарра Ахада иганахьала аилкаара шыҟоу атәы иҳәеит ААР анаҧхгаҩы. Дазааҭгылеит, иара убас акадр ҿыцқәа реиҵааӡара ҿы ицәырҵуа ауадаюрақәа ртәы. Анаҩс З.Џь. Џьапуа ажәа ииҭеит Аҭӡаарадырразы Гь.А. Ӡиӡариа ихьӡ зху акомиссиа ахантәаюы, академик Ш.Хь. Салаҟаиа.

Ш.Хь. Салаҟаиа, акомиссиа иаднакылаз ақәҵара инақъыршәаны, Гь.А. Ӡиӡариа ихьӡ зху апремиа ранеишьеит ааигәа зыҧсҭазаара иалҵыз афилологиатә ҭҵаарадыррақъа рдоктор, академик С.Л. Зыхәба (апремиа ианашьан С.Л. Зыхәба иҷкәын), аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат А.Ф. Аюӡба, афилолосиафтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат И.Д. Ҭарбеи афилософиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор К. Гожеви.

К. Гожев ианашьан, иара убас, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иқҵарала, «Ахьӡ-аҧша» аорден III аҩаӡара. Апремиақәеи аҧаратә ҳамҭақәеи рнапаҿы идиркит Аҧсны Ахада Р.Џь. Ҳаџьым.

Анаҩс ажәа иҭан Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Р.Џь. Ҳаџьым. Апрезидент ицәажәараҿы иазгәеиҭеит  ҳҳәынҭқарраҿы аҭҵаарадырра имаҷымкәа ауадаҩрақәа шамоугьы, ҧхьаҟатәи аҧеиҧш аиӷьтәразы атәыла анапхгара аҟынтәи иахәҭоу ацхыраара шаиуа атәы.

Академиа 2014 шықъсазтәи аҭҵаарадырратә усуразы инеиҵыху ажәахә ҟаиҵеит ААР академик-маӡаныҟәгаҩ С.М. Бебиа. Уи инарҭбааны дазааҭгылеит институтцыҧхьаӡа русеиҿкаашьеи, реихьӡарақәеи, рыуадаҩрақәеи ртәы.

Ажәахә хада ашьҭахь имюаҧган азҵаарақәа рҭакҟаҵара. Уи ашьҭахь ахцәажәаразы ажәа рыҭан аинститутқәа рнапхгаҩцәа: У.Ш. Аҩӡба (Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә инстиут адиректор); Аҟәатәи афизико-техникатә инстиут – А.И. Марколиа; Агидрофизикатә институт – В.Н. Кьецба; Аексперементалтә патологиеи атерапиеи ринститут – З.И. Амқәаб; Аботаникатә инстиут – Е.Ш. Гәбаз; Аекологиа аинстиут – Р.С. Дбар; Ақыҭанхамҩатә инстиут адиректор ихаҭыҧуаҩ – Ф.Ҭарба; Акурортологиеи итрадициатәым амедицинеи рцентр – О.В. Уасиа.

Аинстиутқәа рнапхгаҩцәа ирҳәеит хыҧхьаӡара рацәала иҟоу ауадаюрақәа ртәы. Ихадарақәоу азҵаарақәа ирхырыҧхьаӡалеит аҳәынҭқарра аганахьала аинститутқәа ироуа афинанстә цхыраара.

Иҟоу аҭагылазаашьеи аҭҵаарадырра анаҩстәи аҧеиҧши дрылацәажәеит иқәгылараҿы 2025 шықәсанӡа Аҳәынҭқарра асоциал-економикатә ҿиара апрограмма аҩра иазку апроект анапхгаюы О.Н. Дамениа.

Азеиҧш еизараҿы зҵаараны иқәыргылан аинстиут адиректорцәа хҩык рышьақәырӷәаӷәара. Аизара алахәылацәа иаарту рыбжьыҭиирала ишьақәырӷәӷәан:

Аҧсуаҭҵааратә институт адиректорс У.Ш. Аҩӡба; Аҟәатәи афизико-техникатә инстиут А.И. Марколиа;

Акурортологиеи итрадициатәым амедицинеи рцентр адиректорс О.В. Уасиа;

Аизара ахырқәшамҭаз институтцыҧхьаӡа 2014 шықсазы зҽалызкааз аҵарауаа  ҿарацәа иранашьан аҧаратә ҳамҭақәа. Урҭ рхыҧхьаӡараҿ иҟан: М.В. Гәымба, С.А. Багаҭелиа, И.В. Қриа-ҧҳа, М.А. Аюӡ-ҧҳа, Ж.Џь. Сабекьиа, С.И. Хачева, А.О. Уасиа.