АЛАҲӘАРА

2024 шықәса лаҵарамза 30 рзы асааҭ 11 рзы Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны еиҿкаахо зныктәи Адиссертациатә хеилак аилатәараҿы имҩаԥысуеит «Ачерқесцәа реибашьратә культура итрадициатәу аинститутқәеи Заатәи Абжьарашәышықәсақәа инадыркны ҩажәатәи ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа рҟынӡа урҭ ирыхҭысыз аҽыԥсахрақәеи» захьӡу атемала (азанааҭ 07.00.07 – аетнографиа, аетнологиа, антропологиа) Асланбек Сулҭан-иԥа Мирзоев аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор иҩаӡара ихҵаразы адиссертациа ахьчара. Адиссертациагьы авторефератгьы шьҭоуп Аԥсуаҭҵааратә институт абиблиотекаҿы, иара убасгьы релектронтә версиақәа ҭоуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа асаит akademra.org «Аҭҵаарадырратә усура» аҟәшаҿы.

АԤСНЫ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИАҾ ԤШЬҨЫК АСПИРАНТЦӘА РНАПАҾЫ ИРЫҬАН АРШАҲАҬГАҚӘА

Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиаҿ ҧшьҩык аспирантцәа рнапаҿы ирыҭан аршаҳаҭгақәа.

Амҧар Адгәыр Баҭал-иҧа, Ҵәыџьба Рашид Адамыр-иҧа, Инаҧшьба Инал Гаврил-иҧа, Кәыпалба Хамида Гарри-иҧҳа, қәҿиарала аҧышәарақәа ҭины, Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу аинститутқәа распирантура иҭалеит.

Амҧар Адгәыр аҭоурых иазку адиссертациа иҩуеит Аҧсуаҭҵааратә институт аҿы, Ҵәыџьба Рашид – Аботаника аинститут аҿы, Инал Инаҧшьбеи Хамида Кәыпалҧҳаи – Аекономикеи азини ринститут аҿы.

ААР академик-амаӡаныҟәгаҩ Валентин Кәаӷәаниа аҿарацәа аспирантурахь бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, ақәҿиарақәа рзеиӷьаишьеит.

«Ишәыдысныҳәалоит! Иахьа раҧхьаӡакәны шәшьапы ҭашәыргылеит аҧсуа ҭҵаарадырра ашҭа. Ари акыр иуадаҩу, аха ихьӡырҳәагоу усуп. Уаҵәтәи Аҧсынра амш, аразҟы зчаҧо шәара шәоуп. Анаука – аҳәынҭқарра аҵаргәа хадақәа иреиуоуп. Убас еиҧш иҟалааит, шәара шәыла аҧсуа наука ӷьацеит, ҧхьаҟа ицеит ҳәа шәыхьӡ-шәыжәла рҳәо», – иҳәеит Валентин Кәаӷәаниа.

Валентин Кәаӷәаниа иазгәеиҭеит, аспирантцәеи урҭ рнапхгаҩцәеи қәҿиарала ҧшьышықәсатәи русеицура ишалҵшәахо адиссертациатә усумҭақәа хыркәшаны ахьчарахьы рнагара. Апхьаҟа ирзыҧшу аҭҵааратә усураҿы ацхыраара рыҭара ишазыхио институтқәа рнапхгаҩцәеи ААР аспирантура аҟәша аспециалистцәеи.

Аспирантцәа рлекциақәа хацыркхоит жәабранмза 15 инаркны.