Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиаҿы жәабран 14 рзы имҩаҧысит изаамҭанытәиу Апрезидиум аилатәара.
Амш аусхәаҧштә аҿы иқәгылан азҵаарақәа – атехникатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор иҵараҩаӡара аиуразы изныктәу Адиссертациатә хеилак ашьақәырӷәӷәара, аекономикатә ҭҵаарадыррақәа рхырхарҭала ихьчоу акандидаттә усумҭақәа рышьақәырӷәӷәара, Валентин Кәаӷәаниа ишәҟәы «Ажәа анарха. Астатиақәа реизга» акьыҧхьра ашьақәырӷәӷәара.
Апрезидиум алахәылацәа еицҿакны рыбжьыҭарала изныктәу Адиссертациатә хеилак аиҿыркааит, уи алахәылацәа рсиагьы шьақәдырӷәӷәеит. Аҟәатәи афизика-техникатә институт аҿы атехникатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор иҵараҩаӡара аиуразы адиссертациа ихьчоит Аҧсны инхо, аус зуа абаза ҵарауаҩ Едуард Кимкетов.
Анаҩс аилатәараҿы аекономиказы ААР Апрезидиум аексперттә хеилак алкаа длырдырит ахеилак алахәыла, аҵарауаҩ Хатуна Шаҭ-иҧа. Уи азкын ААР Аекономикеи азини ринститут аҿы ихьчаз адиссертациақәа рышьақәырӷәӷәара. Апрезидиум алахәылацәа бжьыҭарала иақәшаҳаҭхеит аексперттә хеилак алкаа. Давид Арӡынбеи Ирма Аиҧҳаи рдиссертациақәа рзы ирыхҵоуп аекономикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидаттәцәа ҳәа ахьӡ.
Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент Зураб Џьапуа имш ииреи ишәҟәы «Слово об абхазском фольклоре и литературе» аҭыҵреи идиныҳәалеит ААР академик-маӡаныҟәгаҩ Валентин Кәаӷәаниа, иагьрылаиҳәеит еизаз акьыҧхь ишазырхио уи ишәҟәы ҿыц «Ажәа анарха. Астатиақәа реизга». Иара ҭыжьхоит Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аҭыжьырҭаҿы.
Апрезидиум аилатәараҿы иалацәажәеит ААР иатәу Аексперттә комиссиа аиҿкара. Уи иалаҵахо аҵараауа аҳәынҭқарраҿы еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла аексперттә лкаақәа ҟарҵалоит.
Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент Зураб Џьапуа Апрезидиум алахәылацәа – ААР аҟәшақәа ракадемик-маӡаныҟәгаҩцәа иргәалаиршәеит жәабранмза анҵәамҭазы ирхианы ишааргаша Академиа иатәу аинститутқәа рҿы аҭҵаарадырратә усуҩцәа инарыгӡо ртематикатә планқәа рҿыгҳарақәа зеиҧрахаша шьақәыргыланы.