Хәажәкыра 28 рзы Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иаҵанакуа Аботаникатә институт аконференц-зал аҿы имҩаҧысит есышықәсатәи Аҧсуа академиа Азеиҧш еизара.
Аизара ааиртит Академиа апрезидент, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, академик Зураб Џьапуа. Иқәгылараҿы Академиа ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит иаҳхысыз ашықәс Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиазы ишамаз аҵак ҷыда – 25 шықәса ахыҵра. Зураб Џьапуа иҳәеит, насыҧны, апандемиа иадҳәалаз аҧкрақәа раҧыхра аамҭа иақәшәаз Академиа аиубилеитә усмҩаҧгатәқәа рхы рыладырхәит хыҧхьаӡара рацәала асасцәа, Аҧсны анапхгара, аҭҵаарадырратә еилазаара, ауаажәларратә усзуҩцәа.
Ҳәарада, ас мҽхакы ҭбаала аҧсуа ҭҵаарадырра аныҳәа азгәаҭара, иаҭаз ахаҵгылара, аҧсуа наука иаҿу ауаа ргәы шьҭнахит. Академиа апрезидент дазааҭгылеит иаҳхысыз ашықәс азы аҧсуа ҭҵаарадырра ишаиуз ацәыӡ дуқәа – рыдунеи рыҧсахит акыршықәса аҭҵаарадырра аџьабаа азызбоз аҵарауаа. Аизара иалахәыз урҭ ргәаладыршәеит минуҭктәи ҿымҭрала.
Зураб Џьапуа иналкааны ҭабуп ҳәа раиҳәеит Аҧсны аҭҵаарадырратә ҧсҭазаара иалахәу, иӡырызго, аҵарауаа ҿарацәа реиҵааӡара иаҿу. ААР апрезидент, ишьақәгылахьоу арегламент ҧсахны, ашықәсазтәи аҳасабырба аҧхьа имҩаҧигеит зҽалызкааз аҵарауаа ирзазгәаҭоу анашьарақәа рыҭара, иара убасгьы Академиа 25 шықәса ахыҵра иазкыз аусмҩаҧгатәқәа реиҿкаара здыз ралкаара. Анаҩс 2022 шықәсазы акандидаттә диссертациақәа зыхьчаз афилологцәа Инал Гыцбеи Мадонна Ҧлиаҧҳаи, апедагогика ахырхарҭала изыхьчаз Роза Саакиани рнапаҿы идыркын аҭҵаарадырра акандидатцәа рдипломқәа. Аҧаратә ҳамҭақәа рыҭан аҭҵаарадырраҿы зҽалызкааз гәыҧҩык аҵарауаа.
Азеиҧш еизараҿы Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ашықәсазтәи аҳасабырба ҟаиҵеит ААР академик-маӡаныҟәгаҩ Валентин Кәаӷәаниа. Академиа афинанстә ҭагылазаашьа иазкыз аҳасабырба ҟаиҵеит афинанстә зҵаарақәа рзы ААР апрезидент ихаҭыҧуаҩ Константин Кациа.
Аизараҿы иқәгылеит иара убас Академиа апрезидент актәи ихаҭыҧуаҩ Сергеи Бебиа, Академиа Аҟәшақәа рмаӡаныҟәгаҩцәа: Заур Шьалашьаа, Роман Дбар, Лиосик Аиба.
Аиҧылараҿы дықәгылеит ААР академик Владимир Занҭариа. Уи ицәажәараҿы инаҵшьны иҳәеит, Аҧсны аҭоурых аицакразы ақырҭуа ҵарауаа иҟарҵо аҽазышәарақәа аҧсуа ҵарауаа қәнагала аҭак рырҭар шахәҭоу.
Аизара ахыркәшамҭаз имҩаҧысыз абжьыҭира иалҵшәаны, Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа 2022 шықәсазтәи аусура бзиан еиҿкаан ҳәа азыҧхьаӡан.
(Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апресс-маҵзура)