АЛАҲӘАРА

2024 шықәса лаҵарамза 30 рзы асааҭ 11 рзы Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны еиҿкаахо зныктәи Адиссертациатә хеилак аилатәараҿы имҩаԥысуеит «Ачерқесцәа реибашьратә культура итрадициатәу аинститутқәеи Заатәи Абжьарашәышықәсақәа инадыркны ҩажәатәи ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа рҟынӡа урҭ ирыхҭысыз аҽыԥсахрақәеи» захьӡу атемала (азанааҭ 07.00.07 – аетнографиа, аетнологиа, антропологиа) Асланбек Сулҭан-иԥа Мирзоев аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор иҩаӡара ихҵаразы адиссертациа ахьчара. Адиссертациагьы авторефератгьы шьҭоуп Аԥсуаҭҵааратә институт абиблиотекаҿы, иара убасгьы релектронтә версиақәа ҭоуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа асаит akademra.org «Аҭҵаарадырратә усура» аҟәшаҿы.

ААР 25 ШЫҚӘСА АХЫҴРА ИНАДҲӘАЛАНЫ ИАЗԤХЬАГӘАҬОУ АУСМҨАԤГАТӘҚӘА ИРУАКУ «АԤСНЫ ҲААМҬАЗТӘИ АДУНЕИ АҾЫ ИАМОУ АШӘАРҬАРАҚӘА» ЗАХЬӠУ АСТОЛ ГЬЕЖЬ АРЕЗОЛИУЦИА

1. Аԥсны иазцәырҵуа жәларбжьаратәи амҽхак змоу ауадаҩрақәеи, ҳтәыла ашәарҭадареи, аԥсуа-аурыс економиктә усеицуреи ирызкны иҟаҵаз ажәахәқәа ианырзыӡырҩ анаҩс, Асол гьежь алахәылацәа ирыдыркылеит Арезолиуциа:

Ҳгәаанагарала, иахьа адунеи аҿы имҩаԥысуа аиҿагылара хықәкы хаданы ирымоуп Мраҭашәара зышьҭоу Урыстәыла арԥсыҽра, иара Урыстәыла аҳәаақәа ирыԥну аҳәынҭқаррақәа Аҩада-атлантикатәи аиқәышаҳаҭра иаҵанакуа аиҿкаарақәа (НАТО) ралаҵара. Уахь зхы хоу аҳәынҭқаррақәа иреиуоуп Қырҭтәылагьы.

Аҵыхәтәантәи аамҭаз имҩаԥысуа ахҭысқәа, еиҳаракгьы Аладатәи Кавказ ахьаҵанакуа, агәҭынчымзаара ду ҳазцәырыргоит. Аԥсны иамоу шәарҭара хаданы ишыҟац иаанхоит Қырҭтәылеи ҳареи ҳабжьара қьаадла ишьақәырӷәӷәам аҭынчразы аиқәышаҳаҭра.

Мраҭашәаратәи амчқәа ахы иархәаны, Аԥсны архынҳәра иашьҭоу Қырҭтәыла, ҳҳәынҭқаразы ашәарҭара шаҵоу еилкааны иҳамазароуп. Мраҭашәаразы зхы иақәиҭу, ихьыԥшым Аԥсуа ҳәынҭқарра ыҟаӡам.

Иахьа Аԥсназы хықәкы хаданы иҟоуп Қырҭтәылантәи ицәырҵыр зылшо ашәарҭара аԥырҟәҟәааразы, Аԥсни Урыстәылеи ҳаизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара.

Ҳаӷа ирбџьармч злаирӷәӷәо ала, «аҩбатәи афронт» аартразы ашәарҭара шыҟоу хшыҩзышьҭра аҭаны, идыртәуп, Урыстәылеи ҳареи ҳаидгылара ҳара ҳзы ишхыхьчага хадоу, Аԥсны иҟоу урыстәылатәи ар ҳара ҳуааԥсыра рзы аҭынчреи ашәарҭадареи ишрышьаҭахаз.

2. Аԥсны ашәарҭадара еснагь иамазароуп иахәҭоу ахылаԥшра. Аҭынч ԥсҭазаараҿы ҳҳәынҭқарра ахьчаразы аусқәа мҩаԥгалатәуп, ҳекономика аибашьра аамҭазы аус ауртә иазырхиалатәуп, арбџьармч рӷәӷәалатәуп, ҳҳәаақәа рыхьчашьа шеиӷәтәтәу, аҿар аԥсадгьыл абзиабара рылааӡалатәуп. Ҳтәылаҿы ибзианы ирдыруазароуп Атәылахьчара аминисрра иамоу аҵакы, уи еснагь иамазароуп иахәҭоу адгылара. Убриаан, ҳәарада, дипломатила, еиҿцәажәарыла аус аӡбара мап ацәктәӡам, Женеватәи аформатгьы убрахь иналаҵаны.

3. Ихадароу стратегиатә хықәкқәаны иҟоуп ҳҳәынҭқарра астатус економикала арӷәӷәара, азиндырра аҩаӡара ашьҭыхра, амилаҭтә економика арҿиара.

(Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апресс-маҵзура)