АЛАҲӘАРА

2024 шықәса лаҵарамза 30 рзы асааҭ 11 рзы Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны еиҿкаахо зныктәи Адиссертациатә хеилак аилатәараҿы имҩаԥысуеит «Ачерқесцәа реибашьратә культура итрадициатәу аинститутқәеи Заатәи Абжьарашәышықәсақәа инадыркны ҩажәатәи ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа рҟынӡа урҭ ирыхҭысыз аҽыԥсахрақәеи» захьӡу атемала (азанааҭ 07.00.07 – аетнографиа, аетнологиа, антропологиа) Асланбек Сулҭан-иԥа Мирзоев аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор иҩаӡара ихҵаразы адиссертациа ахьчара. Адиссертациагьы авторефератгьы шьҭоуп Аԥсуаҭҵааратә институт абиблиотекаҿы, иара убасгьы релектронтә версиақәа ҭоуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа асаит akademra.org «Аҭҵаарадырратә усура» аҟәшаҿы.

ААР АПРЕЗИДЕНТ ЗУРАБ ЏЬАПУА ИҼРЫЛАИРХӘИТ АԤСУА ЛИТЕРАТУРА АШЬАҬАРКҨЫ ДЫРМИТ ГӘЛИА ИИУБИЛЕИ ИАЗКУ АУСМҨАԤГАТӘҚӘА

Жабранмза 21 рзы 150 шықәса ҵуеит Аҧсны жәлар рпоет, аҵарауаҩ Дырмит Гәлиа диижьҭеи. Уи Аҟәа анышә дахьамадоу ибаҟаҿы ауаажәларра ишьҭарҵеит ашәҭқәа, аҵарауаа иргәаладыршәон Дырмит Гәлиа инысымҩа, ашколхәыҷқәа рыҧхьеит иажәеинраалақәа.

Аҧсны аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа инапы зҵаиҩыз аусҧҟа инақәыршәаны Дырмит Гәлиа ишықәсны ирылаҳәоуп 2024-тәи ашықәс.

Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент Зураб Џьапуа иқәгылараҿы иазгәеиҭеит, Дырмит Гәлиа дрыдукылар шауа амифологиеи аепоси рҿы акультуратә фырхацәа-адемиургцәа.

«Ҳазҭалаз ашықәс ныҳәа дуӡӡоуп. Аҧсуа сахьажәа ахацыркҩы, ҳдоуҳатә ҧыза, арккаҩы Дырмит Гәлиа 150 шықәса ихыҵит. Убри азы дааара иашоуп Аҧсны ахада Аслан Бжьаниа иусҧҟала сынтәатәи ашықәс Дырмит Гәлиа ишықәсны иахьрылаҳәо. Амреиҧш икаххаа аҧсуаа ирзылҧхаз ауаҩы, сгәанала, дрыдукылар ҟалоит амифологиеи аепоси рҿы акультуратә фырхацәа-адемиургцәа, Урҭ ауаатәыҩса рыбла хызтыз, иуааны иҟазҵаз аҭагылазаашьақәа рзаҧырҵеит, аӡы, амца, ажәлақәа рзааргеит. Дырмит дугьы ижәлар ажәеинаала рзаҧиҵеит, аҵара-лашарахь амҩа дирбеит, адырреи ахдырреи рымаӡақәа рзааиртит», – иҳәеит Зураб Џьапуа.

Аҧсуа ҭҵаараҿы иахьанӡа Дырмит Гәлиа ихаҭареи ирҿиареи амҽхаки рҵараҿы аҧсуа ҵарауаа иҟарҵахьоу шмаҷымгьы, акымкәа-ҩбамкәа амонографиатә усумҭақәеи, астатиақәеи, аочеркқәеи шҭыҵхьогьы, ҧхьаҟа иҟаҵатәу еиҳауп ҳәа иҧхьаӡоит ААР апрезидент.

«Аҧсуа жәлар рдоуҳатә рккаҩы Дырмит Гәлиа иӡыргаразы акыр аусмҩаҧгатәқә ирызхәыцуп сынтәа ҳҳәынҭқарра аҩныҵҟа. Убарҭ рахьтә ихадараны избоит еиқәханы иҳамоу ирҿиаратә ҭынха, инапылаҩырақәа зегьы – иӡыз усгьы иӡгәышьеит – еидкылана текстологиатә ҩаӡараҳаракыла, ҭҵаарадыррала академиатә ҟазшьа рыманы рҭыжьра. Уи акрызҭаху, имариам проектуп, аха шьаҭамырӡгахоит аҧсуаа рдоуҳатә культуреи аҧсуа ҳәынҭқарреи рзы», – иҳәеит иқәгылараҿы Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент Зураб Џьапуа.