АЛАҲӘАРА

2024 шықәса лаҵарамза 30 рзы асааҭ 11 рзы Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны еиҿкаахо зныктәи Адиссертациатә хеилак аилатәараҿы имҩаԥысуеит «Ачерқесцәа реибашьратә культура итрадициатәу аинститутқәеи Заатәи Абжьарашәышықәсақәа инадыркны ҩажәатәи ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа рҟынӡа урҭ ирыхҭысыз аҽыԥсахрақәеи» захьӡу атемала (азанааҭ 07.00.07 – аетнографиа, аетнологиа, антропологиа) Асланбек Сулҭан-иԥа Мирзоев аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор иҩаӡара ихҵаразы адиссертациа ахьчара. Адиссертациагьы авторефератгьы шьҭоуп Аԥсуаҭҵааратә институт абиблиотекаҿы, иара убасгьы релектронтә версиақәа ҭоуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа асаит akademra.org «Аҭҵаарадырратә усура» аҟәшаҿы.

ААР Апрезидиум инеицыху аилатэара

Март 24, 2015 шықәсазы имҩаҧысит Аҧсны  Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Апрезидиум инеиҵыху аилатәара. Уахь инаҧхьан Апрезидиум алахәылацәеи, ААР аинститутқәа рнаҧхгаҩцәеи.

Аилатәара аартуа, ААР апрезидент, академик З.Џь. Џьапуа дырзааҭгылеит аизараҿы зҵаара хадақәаны иқәыргыло:

  1. 2014 шықәсазтәи аинститутқәа русура аихшьала азуреи, имҩаҧысраны иҟоу Ашықсазтәи аизара арыцхә алхра;
  2. ААР еиҿнакааз агәаҭаратә комиссиа иҟанаҵаз аихшьаала;
  3. Аспирантуреи,  адокторантуреи, аҭҵаарадырратә ҩаӡара рыҭашьеи, адиссертациақәа рыхьчара иазку ахеилакқәеи, азаанаҭқәа рноменклатуреи рзы ААР аҧҟарақәа рылацәажәара;
  4. Аҭҵаарадыррақәа ркандидатцәеи, рдокторцәеи, иара убас ААР аҳаҭыр шәҟәқәеи рсахьатә ҿырҧшҭәқәа рыхәаҧшра;
  5. Егьырҭ еиуеиҧшым азҵаарақәа.

Актәи азҵаарала иааркьаҿу ажәахә  ҟаиҵеит ААР академик-маӡаныҟәгаҩ, академик С.М.Бебиа. Уи тезис ҳасабла дазааҭгылеит Ашықәсазтәи аизараҿы иҟаиҵараны дыҟоу ажәахә хадаҿы зҵаарақәаны иқәиргыло. С.М. Бебиа иазгәеиҭеит иара иажәахә ашьҭахь, хымҧада, аинститутқәа рнаҧхгаҩцәа иааркьаҿны ирҳәарц шахәҭоу напхгара зырҭо аусбарҭақәа рҿы иҟоу ауадаҩрақәеи аихьӡарақәеи ртәы. З.Џь. Џьапуа иҳәеит, еиҳа инарҭбаау аихшьаалақәа шаныло ААР еиқәнаршәо абиллиутень аҟны. Иара убасгьы,  ажәалагала ҟаиҵеит, Ашықсазтәи аизара иалахәхараны иҟоу Аҳәынҭқарра Ахада иаамҭа азҧхьагәаҭаны, аизара амҩаҧгаразы иалхзарц апрель 3, 2015 ш. Аилатәара алахәылацәа уи ажәалагала иақәшаҳаҭхеит.

Аҩбатәи азҵаарала дықәгылеит ААР Акомиссиа ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ, академик И.А.Екба. Уи инарҭбааны иҳәеит Акомиссиа аусура алҵшәақәеи абжьгарақәеи ртәы. Аилатәара иалахәыз ргәаанагарала И.А. Екба иажәахә аҟынтәи аинформациа алагалахоит Ашықәсазтәи аизараҿы иҟаҵахо ажәахә хада.

З.Џь. Џьапуа иазгәеиҭеит, аизараҿы иҟалараны ишыҟоу аинститутқәа 2014 шықәса иалагӡаны иҭрыжьыз аусумҭақәа, мамзаргьы урҭ русзуҩцәа ирҩыз астатиақәа знылаз рцәаргақәҵа.

Ахҧатәи азҵаара адкылараҿы ицәырҵыз ауадаҩрақәа ртәы дазааҭгыло, З.Џь. Џьапуа ажәалагала ҟаиҵеит адкыларазы еиҳа ихиоу азанааҭқәа рноменклатура аҧҟара ада, егьырҭ аҧҟарақәа Апрезидиум анаҩстәи аилатәараҿы ишьақәырӷәӷәазарц. Иӡбан Апрезидиум урҭ аҧҟарақәа аднакыларц, Азеиҧш еизараҿы ишьақәырӷәӷәазарц. Адипломқәеи, ААР аршаҳаҭгақәеи аҳаҭыртә шәҟәқәеи рзы ирхиоу аҿырҧштәқәа дрыхцәажәеит ААР алахәыла-корреспондент В.А.Кәаӷәаниа.

Еиуеиҧшым азҵаарақәа рхыҧхьаӡараҿ иарбаз дрылацәажәо, З.Џь. Џьапуа еизаз ирзеиҭеиҳәеит, ААР аҿы аус зураны иҟоу аҭҵаарадырратә хырхарҭақәа (агуманитартә, афизико-техникатә, амедицина-биологиатә) анапхгацәа рыҭаны, аус аиҭашьақәыргылара шхымҧадатәиу. Рыхьӡқәа иҳәеит урҭ аҟәшақәа напхгара рырҭарц зылшо ауаа.

Акдаемиа апрезидент аинститутқәа рнапхгацәа иреилыркааит ААР ашьақәнарӷәӷәалар шақәу аинститутқәа ибиуджеттәым рныхтәи рхашәалеи ртәы зҳәо асмета.