АЛАҲӘАРА

2024 шықәса лаҵарамза 30 рзы асааҭ 11 рзы Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны еиҿкаахо зныктәи Адиссертациатә хеилак аилатәараҿы имҩаԥысуеит «Ачерқесцәа реибашьратә культура итрадициатәу аинститутқәеи Заатәи Абжьарашәышықәсақәа инадыркны ҩажәатәи ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа рҟынӡа урҭ ирыхҭысыз аҽыԥсахрақәеи» захьӡу атемала (азанааҭ 07.00.07 – аетнографиа, аетнологиа, антропологиа) Асланбек Сулҭан-иԥа Мирзоев аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор иҩаӡара ихҵаразы адиссертациа ахьчара. Адиссертациагьы авторефератгьы шьҭоуп Аԥсуаҭҵааратә институт абиблиотекаҿы, иара убасгьы релектронтә версиақәа ҭоуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа асаит akademra.org «Аҭҵаарадырратә усура» аҟәшаҿы.

Чрыгба Виачеслав Андреи-иԥа

Чрыгба Виачеслав Андреи-иԥа диит 1959 шықәса хәажәкыра 17 рзы ақ. Гагра. Афилололгиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, ААР алахәыла, Аԥсны зҽаԥсазтәыз аҭҵаарадырратә усзуҩ, Аԥсны иҷыдалкаау азин змоу ацҳаражәҳәаҩ

1977–1982 шықәсқәа рзы В.Н. Каразин ихьӡ зху Харьковтәи аҳәынҭқарратә университет аҳәаанырцәтәи абызшәақәа рфакультет дастудентын (Украина).

1982–1986 шықәсақәа рзы Урыстәылатәи Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Абызшәаҭҵаара аинститут даспирантын.

1986–1991 шықәсқәа рзы Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Абызшәадырра аҟәша кавказтәи абызшәақәа рсектор аҭҵаарадырратә усзуҩс аус иуан.

1991–1996 шықәсқәа рзы Леидентәи ауниверситет Аиҿырԥшратәи Ахҳәааҭаратәи институт аҿы докторантс дыҟан. 1996 шықәсазы «Азеиԥшмраҭашәаракавказтәи абызшәа. Афонологиатә система аиҭашьақәыргылареи, ажәартә еилазаашьеи аморфологиеи» захьӡу атемала ихьчеит адоктортә диссертациа. Напхгаҩцәас иман апрофессор Ф. Кортландти адоктор Р. Смеетси.

1996–1997 шықәсқәа рзы Гаага иҟоу «Клингендал» захьӡу Аҟралцәа иртәу Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа ринститут аҿы иааԥхьоу ҵарауаҩс дыҟан. Иҭҵаара темас иаман «Ақырҭуа-аԥсуа конфликт».

2000–2004 шықәсқәа рзы «Аԥсшәа асаӡ диалект аграмматика» захьӡыз аҭҵаарадырратә проект напхгаҩыс даман. Леидентәи ауниверситет Аиҿырԥшратәи Ахҳәааҭаратәи институт кавказтәи абызшәақәа рырҵаҩыс аус иухьеит.

2005–2006 шықәсқәа рзы Леидентәи ауниверситет Ассирологиа аҟәша кавказтәи абызшәақәа рырҵаҩыс аус иуан.

Иара убас напхгара аиҭоит ААР Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт Аполитологиеи аконфликтологиеи рыҟәша.

Урыстәылатәи Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Абызшәаҭҵаара аинститут кавказтәи абызшәақәа рсектор ҭҵаарадырратә усзуҩ ԥхьагылас дыҟоуп.

2007–2008 шықәсқәа рзы адәныҟатәи аполитиказы Аԥсны Ахада иабжьгаҩс дыҟан.

2008–2011 шықәсқәа рзы – Аԥсны Ахада иадминистрациа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩс дыҟан.

«Аԥсны иазку аинформациеи адокументациеи рзы жәларбжьаратәи ацентр» аԥшьгаҩысгьы напхгаҩысгьы дыҟоуп.

2005 шықәсазы – Иазгәаҭам (иазхаҵам) ажәларқәа реиҿкаара анагӡаратә комитет далахәылан (ОНН/UNPO). 1998–2001 шықәсқәа рзы  – Гаага иҭыҵуаз аелектронтә «Аԥсуа биуллетен» редакторс даман. 1994–1995 шықәсқәа рзы «Кавказтәи аревиу» захьӡыз ажурнал аҭыжьҩыси аредакторси дыҟан (“Caucasian Review”). 1989–1990 шықәсқәа рзы Москва иҟаз аԥсуа еилазаара «Нарҭаа» иҭнажьуаз агазеҭ «Алашара» редакторс даман.

1993–1998 шықәсқәа рзы Мраҭашәаратәи Европа азин змоу Аԥсны ахаҭарнакс дыҟан. 1993–1994 шықәсқәа рзы Еиду амилаҭқәа реиҿкаара Женева имҩаԥнагоз Аԥсни Қырҭтәылеи рыбжьара аиҿцәажәарақәа дрылахәын.

Кавказҭҵааҩцәа Европатәи реилазаара далахәылоуп (SCE). Ажәытәӡатәи абызшәақәа рыҭҵааразы жәларбжьаратәи Ассоциациеи (ASLIP) Европатәи абызшәадырыҩцәа реилазаареи дрылоуп. Аԥсшәа арҿиаразы Аҳәынҭқарратә программа анагӡаразы Акомиссиа хантәаҩыс дыҟан. ААР аҭҵаарадырратә журнал «ААР Адырраҭара» аҭакзыԥхықәу редакторс дыҟоуп. Германиа иҭыҵуа «Адунеи абызшәақәа» захьӡу аҭҵаарадырратә сериа аредакциатә еилазаара далахәылоуп. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет аҿы дрыԥхьоит «Кавказтәи абызшәадыррахь алагала», «Аԥсуа фонологиа», «Аубых бызшәа», «Адыга бызшәа» захьӡу алекциатә курсқәа; аҭоурыхтә факультет жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзанааҭ аҿы «Аԥсны жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рсистемаҿы», «Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа ррегионалтә система маҷқәа» захьӡу алекциатә курсқәа дрыԥхьоит.

2008–2016 шықәсқәа рзы напхгара риҭон Аԥсны ахьӡала Женеватәи аиҿцәажәарақәа ирылахәыз аделегациақәа.

2011 шықәсазы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрс дҟаҵоуп. 2016 шықәсазы хатәгәаԥхара иусура аанижьуеит. Напхгаҩыс дамоуп Аԥсны Ахада иҿы еиҿкаау Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр.