АЛАҲӘАРА

2024 шықәса лаҵарамза 30 рзы асааҭ 11 рзы Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны еиҿкаахо зныктәи Адиссертациатә хеилак аилатәараҿы имҩаԥысуеит «Ачерқесцәа реибашьратә культура итрадициатәу аинститутқәеи Заатәи Абжьарашәышықәсақәа инадыркны ҩажәатәи ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа рҟынӡа урҭ ирыхҭысыз аҽыԥсахрақәеи» захьӡу атемала (азанааҭ 07.00.07 – аетнографиа, аетнологиа, антропологиа) Асланбек Сулҭан-иԥа Мирзоев аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор иҩаӡара ихҵаразы адиссертациа ахьчара. Адиссертациагьы авторефератгьы шьҭоуп Аԥсуаҭҵааратә институт абиблиотекаҿы, иара убасгьы релектронтә версиақәа ҭоуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа асаит akademra.org «Аҭҵаарадырратә усура» аҟәшаҿы.

Гәарамиа Алеко Алықьса-иԥа

Гәарамиа Алеко Алықьса-иԥа – Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор, афизико-математикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи, Черкессктәи жәларбжьаратәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи, Аԥсабаратә ҭҵаарадыррақәа Урыстәылатәи ракадемиеи ракадемик, Европа аректорцәа рыклуб алахәыла, Оксфордтәи Академиатә Хеидкыла Ахеилак алахәыла, М.В. Ломоносов ихьӡ зху Москватәи Аҳәынҭқарратә университет ҳаҭыр зқәу апрофессор, Адыгеиатәи, Арцахтәи, Приднестровиетәи аҳәынҭқарратә университетқәа ҳаҭыр зқәу рдоктор, Аахыҵ Уаԥстәыла зҽаԥсазтәыз аҭҵаарадырра аусзуҩ, Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак – Аԥсны Апарламент адепутат (1991–1996).

1964 шықәсазы далгоит Москватәи аҳәынҭқарратә педагогикатә институт. Азанааҭ ҷыда дахысуан Москватәи аҳәынҭқарратә университет иара изалхыз аплан ала. Акандидаттә диссертациа ихьчеит Москва 1967 шықәсазы «Аиҟарарақәа змоу квазигәыԥқәак рыҭҵаара» атемала. Адоктортә диссертациа ихьчеит 1985 шықәсазы Новосибирск «Аквазигәыԥқәеи хкырацәалатәи иуниверсалтәу алгебреи рыԥҟарақәа шьақәзыргыло аклассқәа» захьӡу атемала. 

А.А. Гәарамиа адунеи аҿы аквазигәыԥқәа рыҭҵааразы иреиӷьӡоу аҭҵааҩцәа дреиуоуп. Ажәахәқәа рыла дықәгылахьеит 30 Ахеидкылазегьтәиқәеи 35 жәларбжьаратәиқәеи конференциақәа рҿы. Москва имҩаԥысуаз аматематикцәа адунеизегьтәи рконгресс убрахь иналаҵаны.

Европеи Азиеи еиуеиԥшым рҳәынҭқаррақәа рҿы дрыԥхьахьеит алгебреи ҳаамҭазтәи алогикеи ирызкны алекциақәа. А.А. Гәарамиа адоктортә диссертациақәа рыхьчараан аоппонентра иуеит, аус рыциуеит ареферативтә журналқәа хԥа. Германиа иазыҟаиҵеит аҭҵаарарыдырратә докторцәа ԥшьҩык. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет анапхгаҩы иаҳасабала мҽхакы ҭбаала аус иуеит Ауниверситет аусура арӷәӷәаразы.

Иара ибзоураны, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ааха ӷәӷәа зауз ААУ, алаҵан Ауниверситетқәа Евразиатәи рассоциациа (1993, Ашхабад), Оксфордтәи Академиатә Хеилак (2015). 

А.А. Гәарамиа – аҭҵаарадырратә ҩаӡара зауз раԥхьатәи аԥсуа математикуп. Авторс дрымоуп 110 инареиҳаны аҭҵаарадырратә статиақәа. Урҭ кьыԥхьуп Асовет ҳәынҭқарра иахьаҵанакуаз, Урыстәыла, Еиду Амеракатәи Аштатқәа, Венгриа, Германиа, Англиа, Болгариа, Польша, Иугославиа, Чехьиа, Израиль.

2009 шықәса раахыс А.А. Гәарамиа есышықәса далахәуп «Европатәи аларҵәара арҵаулара иадҳәалоу аинновациақәеи атехнологиақәеи» захьӡу Оксфордтәи аԥхьагылацәа рсаммит.

2011 шықәсазы Жәларбжьаратәи Сократ ихьӡ зху акомитет (Оксфорд) аԥсуа ҵарауаҩ инаҭеит «The Name in Science» («Аҭҵаарадырраҿ ахьӡ зырҳаз») ититул, иагьиананашьеит «Адунеитә ҭҵаарадырраҿ алагалаз» захьӡу аорден. Акомитет А.А. Гәарамиа ихьӡ аланагалеит XXI ашәышықәса аҵарауаа дуқәа адунеизегьтәи рсиа.

Аҭҵаарадырраҿ иҟаиҵаз алагалаз, Аԥсны арҵара-ааӡаратә ус иалеигалаз ихатәы џьабаазы А.А. Гәарамиа ианашьоуп «Ахьӡ-аԥша аорден» I аҩаӡара.