АЛАҲӘАРА

2024 шықәса лаҵарамза 30 рзы асааҭ 11 рзы Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны еиҿкаахо зныктәи Адиссертациатә хеилак аилатәараҿы имҩаԥысуеит «Ачерқесцәа реибашьратә культура итрадициатәу аинститутқәеи Заатәи Абжьарашәышықәсақәа инадыркны ҩажәатәи ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа рҟынӡа урҭ ирыхҭысыз аҽыԥсахрақәеи» захьӡу атемала (азанааҭ 07.00.07 – аетнографиа, аетнологиа, антропологиа) Асланбек Сулҭан-иԥа Мирзоев аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор иҩаӡара ихҵаразы адиссертациа ахьчара. Адиссертациагьы авторефератгьы шьҭоуп Аԥсуаҭҵааратә институт абиблиотекаҿы, иара убасгьы релектронтә версиақәа ҭоуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа асаит akademra.org «Аҭҵаарадырратә усура» аҟәшаҿы.

Кәаӷәаниа Валентин Асҭамыр-иԥа

В.А. Кәаӷәаниа диит жәабранмза 13, 1959 шықәсазы Очамчыра араион, Кәтол ақыҭан. Аҵара иҵон К.Ф. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҟәатәи аԥсуа школ-интернат № 1 (1995 шықәса раахыс – К.Ф. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә лицеи-интернат) аҿы.

Ашкол даналга, В.А. Кәаӷәаниа 1976 шықәсазы дҭалоит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә рҵаҩратә институт (1979 шықәса раахыс – Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет) афилологиатә факультет (аурыс-аԥсуа сектор).

1981 шықәсазы дҭалоит Асовет Еидгыла Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа А.М. Горки ихьӡ зху Адунеитә литература аинститут хықәкы­латәи (целевая) аспирантура, афольклорҭҵаара азанааҭ ала. Уи иалагӡаны ихигоит аррамаҵзура (1981–1983 шықәсқәа рзы). Аҵарауаҩ В.М. Гацак инапхгарала 1986 шықәсазы иара абри Аинститут аҿы қәҿиарала ихьчеит акандидаттә диссертациа, «Аԥсуа жәлар рашәа: ажанрқәеи урҭ рпоетикеи» атемала. 2009 шықәсазы Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы В.А. Кәаӷәаниа аԥсышәала адоктортә диссер­тациа ихьчеит, «Аԥсуаа рҿаԥыцтә поезиа аиҿартәышьа» иазку иусумҭала.

1986 шықәса инаркны В.А. Кәаӷәаниа аус иуеит Д.И. Гәлиа ихьӡ зху абызшәеи алитературеи, аҭоурыхи Аԥснытәи ринститут (1994 шықәса раахыс – Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵаа­ратә институт) афольклор аҟәшаҿы, аханатә аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҵбыс дыҟан, 2018 шықәса иааркны – аҭҵаарадырратә усзуҩ хадас. 2015 шықә­са инаркны аус иуеит Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа академик-маӡа­ныҟәгаҩс. Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ажурнал хада – Адырраҭара – аредакциатә хеилак далоуп.

Иҭҵаарадырратә усура иалагӡаны, акраамҭа аԥсуа литература аҭоурых азы алекциақәа дрыԥхьон (1989–1992 шықәсқәа рзы) Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы. 1995 шықәса инаркны 1999 шықәсанӡа аус иуан Н.Ҳ. Аӡын-ԥҳа лыхьӡ зху Апедагогика аинститут адиректор аҭҵаарадырразы ихаҭыԥуаҩс. 1999 шықәса инаркны 2014 шықәсанӡа ди­ректорс даман (аамҭала иара абжьаратә ҵара ахьиоуз) К.Ф. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә лицеи-интернат. 2005–2007 шықәсқәа рзы аус иуан ахәыҷтәы журнал «Амцабз» аредактор хадас. 2016 шықәса инаркны иахьауажәраанӡа ажурнал «Алашара» аредактор хада ихаҭыԥуаҩс дыҟоуп. Ажурнал аредакциатә хеилак далоуп. Аԥсны ашәҟәыҩҩцәеи ажурналист­цәеи реидгылақәа дрылахәуп. 2014 шықәса инаркны иахьанӡа еилагӡара­ла аус иуеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факуль­тет аҟны. Аԥсуа лирика аиҿартәышьазы, аԥсуа жәеинраалеиҿартәышьа­зы, аԥсуа жәлар рашәа рзы иҷыдоу амаҭәарқәа дрыԥхьоит. Аурыс сектор аҿы аԥсуа литература аҭоурых азы алекциақәа дрыԥхьон. 2018 шықәсазы ихҵан Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофесорра. 2011 шықә­сазы иҭҵаарадырратә усумҭа «Аԥсуаа рҿаԥыцтә поезиа аиҿартәышьазы» ианашьан Гь.А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа. 2014 шықәса­зы Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа алахәыла-корреспондентс далхын, 2019 шықәсазы – академикс. 2017 шықәсазы ихҵан Аԥсны аҭҵаарадырра зҽаԥсазтәыз аусзуҩ ҳәа аҳаҭыртә хьӡы.

Аҵарауаҩ авторс дрымоуп афольклори, алитературеи, аҟазареи ирызку ашәҟәқәа: «Аԥсуа жәлар рашәа: Ажанрқәеи урҭ рпоетикеи» (1995), «Аԥсуаа рдоуҳатә культура адаҟьақәа: Аҭҵаамҭақәеи, алитература-критикатә статиақәеи, аҿцәажәарақәеи» (1999), «Хьӡи-ԥшеи змоу амҩа: Астатиақәеи афольклортә нҵамҭақәеи» (2008); «Аԥсуаа рҿаԥыцтә поезиа аиҿартәышьа» (2010), «Хәы змам адоуҳатә ҭынха: Аҭҵаамҭақәа. Алитература-критикатә статиақәа. Афольклор аматериалқәа» (2013), «Аԥсуа фольклори алитерату­реи ирызку аетиудқәа» (2014), «Аамҭеи асахьарыкратә ажәеи» (2017), «Акәи­цқәа хәышҭаарамцаны иҟаларц: Алитература-критикатә статиақәа» (2017); асахьаркыратә ҩымҭақәа реизгақәа фба: «Аамҭа аҳамҭа» (1983), «Ажәҩан ԥсҭазаара» (1986), «Ииасхьоу амшқәа рашәа» (1990), «Абна лакә» (2003), «Ақьиареи аҳарамреи» (2008), «Анацәкьарақәа рҭыӡшәа» (2011); ақырҭуа- аԥсуа еибашьра иазку шәҟәык – «Ахаҳә ахьышьҭоу ихьанҭоуп: Иаҳхысыз аибашьра адаҟьақәа» (1997). Иара убас уи еиқәиршәеит, акьыԥхь иазирхиеит, аилыркааратә статиеи азгәаҭақәеи иҩит «Аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭа. I атом: Аџьашәақәа, ақьабзтә поезиа, аҭәҳәақәа, абзазаратә поезиа», «Аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭа. XI атом: Ҳаамҭазтәи аԥсуа фольклор» (А.А. Ашәбеи иареи еицеиқәдыршәеит) рзы. 1992 шықәсазы иҭыҵыз ари аизга ихарҭәаан еиҭаҭижьит 2008 шықәсазы. Акьыԥхь иазирхиеит, еиҭеигеит (алитератураҭҵааҩ Е. Кобахьиа-ԥҳа далархәны), аԥхьажәеи азгәаҭақәеи иҩит Т.Шь. Аџьба аибашьраантәи имшынҵақәа «Бзиала иаҳзырша!.. Дожить до рассвета!..» захьӡу ашәҟәазы (1994). Еиқәиршәеит, акьыԥхь иазирхиеит, аԥхьажәеи азгәаҭақәеи иҩит Т.Шь. Аџьба «Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны» (1999, 2000), апоет иреиӷьу илирикатә рҿиамҭақәа еидызкыло ашәҟәы «Иалкаау» (2011) рзы. Ҿыц еиқәиршәеит Т.Шь. Аџьба ирҿиамҭақәа зегьы еидызкыло (апоезиа, апроза, акритика, асалам шәҟәқәа, амшынҵа, аурысшәахь еиҭагоу иҩымҭақәа, апоет изкны иаԥҵоу астатиақәеи агәалашәарақәеи налаҵаны), ҩ-томкны иҟоу аҭыжьымҭа. Насгьы аԥсуа литература ахрестоматиақәа хԥа (V, VI, VII аклассқәа рзы) реиқәыршәаҩцәа (М.Т. Лашәриеи Р.Ҭ. Амҷ-ԥҳаи) дыруаӡәкуп.

Иааидкылан В.А. Кәаӷәаниа 150 кьыԥхьымҭа рҟынӡа имоуп.