АЛАҲӘАРА

2024 шықәса лаҵарамза 30 рзы асааҭ 11 рзы Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны еиҿкаахо зныктәи Адиссертациатә хеилак аилатәараҿы имҩаԥысуеит «Ачерқесцәа реибашьратә культура итрадициатәу аинститутқәеи Заатәи Абжьарашәышықәсақәа инадыркны ҩажәатәи ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа рҟынӡа урҭ ирыхҭысыз аҽыԥсахрақәеи» захьӡу атемала (азанааҭ 07.00.07 – аетнографиа, аетнологиа, антропологиа) Асланбек Сулҭан-иԥа Мирзоев аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор иҩаӡара ихҵаразы адиссертациа ахьчара. Адиссертациагьы авторефератгьы шьҭоуп Аԥсуаҭҵааратә институт абиблиотекаҿы, иара убасгьы релектронтә версиақәа ҭоуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа асаит akademra.org «Аҭҵаарадырратә усура» аҟәшаҿы.

ИМҨАԤЫСИТ В. М. ГАЦАК ИГӘАЛАРШӘАРА ИАЗКУ АХԤАТӘИ ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АҬҴААРАДЫРРАТӘ ԤХЬАРАҚӘА

Рашәарамза 1–3 рзы Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа А. М. Горки ихьӡ зху Адунеитә литература аинститут аҿы (ақ. Москва) имҩаԥысит афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа алахәыла-корреспондент, афольклорҭҵааҩ нага Виктор Михаил-иԥа Гацак 90 шықәса ихыҵреи Адунеитә литература аинститут Афольклор аҟәша 80 шықәса ахыҵреи ирызкыз «Аамҭеи атрадициеи» захьӡыз В. М. Гацак игәаларшәаразы Ахԥатәи Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә ԥхьарақәа. Есҩышықәса имҩаԥысуа ари аҭҵаарадырратә ныҳәа еснагьеиԥш сынтәагьы иалахәын аԥсуа ҵарауаа: В. М. Гацак ҭҵаарадырратә напхгаҩыс дызмаз Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, академик, Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аҳәаанырцәтәи алахәыла Зураб Џьапуа, аҭҵаарадырразы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет апроректор, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Џьулетта Адлеиба, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны еиҿкаау Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Саида Ҳаџьым.

Аҭҵаарадырратә ԥхьарақәа реиҿкааратә комитет иалан ахантәаҩцәа З. Џь. Џьапуа, В. Л. Клиаус, алахәылацәа А. И. Алиева, С. П. Сорокина, акоординатор Е. В. Минионок.

Виктор Гацак ихьӡ иадҳәалоу аҭҵаарадырратә конференциа аԥсуа ҵарауаа рзы иамоуп аҵак ҷыда. Иара ибзоураны аԥсуа фольклорҭҵаара иаиуит даҽа ҩаӡарак. В. М. Гацак иааӡамҭацәа русумҭақәа иахьа уажәраанӡагьы ирныԥшуеит иара изнеишьа, иара иҭҵаарадырратә ҵаулара. Убри аҟнытә арҭ аҭҵаарадырратә ԥхьарақәа аҽрылархәра аԥсуа ҵарауаа рзы иԥшьоу акакәны иҟоуп.

Сынтәатәи аҭҵаарадырратә ԥхьарақәа ирылахәын Урыстәыла еиуеиԥшым ақалақьқәеи (Москва, Санкт-Петербург, Елиста, Новосибирск, Иакутск, Горно-Алтаиск, Омск, Пермь, Сыктывкар, Улан-Уде, Улиановск, Уфа, Махачкала, Владикавказ) егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи (Аԥсны, Ҭырқәтәыла, Молдова, Украина) рҟынтә аҵарауаа. Хымш имҩаԥысуаз аконференциа иалагӡаны ирыԥхьан 50 инарзынаԥшуа ажәахәқәа.

Аҭҵаарадырратә ԥхьарақәа рыпленартә еилатәара аартуа, Адунеитә литература аинститут Афольклор аҟәша анапхгаҩы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Владимир Леонид-иԥа Клиаус иазгәеиҭеит шьҭа итрадициахаз Аԥхьарақәа рымҩаԥгараан ишеиқәшәаз крызҵазкуа арыцхәқәа. Жәларбжьаратәи аконференциа иалахәыз аԥсшәа раҳәо дықәгылеит Адунеитә литература аинститут аҭҵаарадырратә напхгаҩы, Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа академик Александр Борис-иԥа Куделин. Анаҩс ажәа лыман Афольклор аҟәша аиҿкаара аус аҿы акырӡа аџьабаа збахьоу, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Алла Иван-иԥҳа Алиева. Аҵарауаҩ лажәахә аҿы инарҭбааны дазааҭгылеит Аинститут аҿы «Асовет Еидгыла ажәларқәа репос» захьӡу академиатә сериа аԥҵара аҭоурых. Иалкааны илҳәеит уи аус аиҿкаараҿы В. М. Гацак иџьабаа атәы. Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, В. М. Гацак игәаларшәара иазку аҭҵаарадырратә ԥхьарақәа реиҿкааҩцәа ируаӡәку Елена Виктор-иԥҳа Минионок лықәгылараҿы иӡбахә лҳәеит лассы-ласс зыхьӡ ҳмаҳауа, аха Адунеитә литература аинститут аҿы ҳаамҭазтәи афольклор аҭҵааразы агәыԥ напхгара азҭоз аҵарауаҩ Сергеи Бугославски.

Апленартә еилатәараҿы ажәа змаз В. М. Гацак иҵаҩы Зураб Џьапуа иажәахә азкын ирҵаҩы иҟынтә иаргьы ҭҵаарадырратә хырхарҭа хаданы ишьҭихыз – аепосҭҵаара. Аҵарауаҩ иқәгылараҿы дырзааҭгылеит иара иредакциала жәа-томкны акьыԥхь иазырхиоу Аԥсуа нарҭтә епос аҿы ашәаны инагӡоу атекстқәа ртекстологиа.

Аҭҵаарадырратә ԥхьарақәа рыхьӡ хада иазааигәаӡаз атемала – Афольклортә традициеи аамҭеи – дықәгылеит афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа алахәыла-корреспондент Андреи Лев-иԥа Топорков.

Актәи амш аҭҵаарадырратә ҟәша ханарҭәааит Џьулетта Ианкәа-иԥҳа Адлеиба лнапхгарала имҩаԥысуаз аҵыхәтәантәи ашықәсқәа ирылагӡаны иҭыҵыз ашәҟә ҿыцқәа рӡыргара. Аконференциаҿы крызҵазкуа ари ахәҭаҿгьы ажәа рыман аԥсуа ҵарауаа – иӡырган «Кавказ аетнографиахь алагалажәа» захьӡу А. Н. Генко ишәҟәы (Аҟәа, 2021), А. А. Аншба Иусумҭақәа реизга хә-томкны. Актәи аҩбатәи атомқәа (Аҟәа, 2022), «Афольклори даҽа зҵаарақәаки: астатиақәеи аетиудқәеи» захьӡу З. Џь. Џьапуа ишәҟәы (Аҟәа, 2022), ҩ-томкны иҟоу «Алакә астильтәи апоетика-композициатәи еилазаашьа» захьӡу Џь. И. Адлеиба лышәҟәқәа (Москва, 2020).

Афольклор ажанртә беиарақәа зегьы зымҽхазкыз Аҭҵаарадырратә ԥхьарақәа ирхылҿиааит имаҷымкәа аҭҵаарадырратә дискуссиақәа, азҵаарақәа. Аԥхьарақәа ирылахәыз изныкымкәа иазгәарҭеит, Виктор Гацак ишкол иахысыз доусы дара ахьышьақәгылаз ахырхарҭақәа рҿы ишаԥырҵаз шьҭа рхатәы школқәа. Уи арҵабыргуеит арҭ аԥхьарақәа иахьрылахәыз В.М. Гацак иааӡамҭацәа рҵаҩцәагьы. Урҭ иреиуоу Виктор Гацак иааӡамҭа – Зураб Џьапуа – иаспирант Саида Ҳаџьым лықәгылара хацыркуа илҳәеит, дара хаҭала ирзымдыруаз рырҵаҩы ирҵаҩы – Виктор Гацак – ирдыруаз аӡәы иеиԥш игәыбылра шрымоу. Уи, зегь раԥхьаӡа иргыланы, ишибзоуроу абиԥарақәа реимадара мыӡыртә аҭагылазаашьа аԥызҵаз З. Џь. Џьапуа. С. О. Ҳаџьым лажәахә азкын атәым аудиториазы иҿыцу аматериал – аԥсуа ныҳәарақәеи ашәирақәеи рҟны аамҭа аарԥшышьа.

1966 шықәса инаркны 2012 шықәсанӡа Адунеитә литература аинститут Афольклор аҟәша напхгара азҭоз, акыр абиԥара аҵарауаа еиҵазааӡахьаз В.М. Гацак игәаларшәара иазку Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә ҧхьарақәа рзы ҧҟараны ишьақәгылеит уа иҟаҵоу ажәахәқәа статиақәаны еидызкыло аизгақәа реиқәыршәара, рҭыжьра. Аелектронтә кьыҧхь рбахьеит Актәи аҧхьарақәа рматериалқәа. Аҧсны аҳҭнықалақь Аҟәа имҩаҧысуаз Аҩбатәи аҧхьарақәа рматериалқәа шәҟәны еиқәыршәоуп. Лассы акьыҧхь абараны иҟоуп.

Аҭҵаарадырратә ҧхьарақәа хыркәшо, уи аиҿкааҩцәеи алахәылацәеи рылацәажәеит хымш ирылагӡаны иҟаҵаз ажәахәқәа, ишьҭыхыз азҵаарақәа. Аиҿкааратә комитет анапхгаҩцәа ииашоуп ҳәа азырҧхьаӡеит Асовет Еидгыла иалаз ажәларқәа рдоуҳатә беиара ҭызҵааша акадрқәа азыҟазҵаз ауаҩы, 11-ҩык адокторцәеи 23-ҩык акандидатцәеи зааӡаз Виктор Гацак Иаҧхьарақәа есҩышықәса иара иҵаҩцәа рыҧсадгьылқәа рҿы инеимда-ааимдо рымҩаҧгара. Убас ала, Актәи аԥхьарақәа мҩаԥган Москва, аҩбатәи – Аҟәа, ахԥатәи – Москва, анаҩстәи – аԥшьбатәи аԥхьарақәа – мҩаԥгахоит Уфа ақалақь аҿы.