Рашәарамза 8 рзын Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидиум аилатәараҿы имҩаҧысит ААР Аекономикеи азини ринститут адиректор иалхра. Аинститут аусзуҩцәа реизараҟынтә директорс ихьӡ ҳәан иахьа-уажәраанӡа уи аинститут напхгара азҭоз, аекономикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Заур Иван-иҧа Шьалашьаа. Маӡалатәи абжьыҭара иалҵшәаны, апрезидиум алахәылацәа еицҿакны рыбжьы ирҭеит, директорс деиҭалырхит З.И. Шьалашьаа.