АЛАҲӘАРА

2024 шықәса лаҵарамза 30 рзы асааҭ 11 рзы Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны еиҿкаахо зныктәи Адиссертациатә хеилак аилатәараҿы имҩаԥысуеит «Ачерқесцәа реибашьратә культура итрадициатәу аинститутқәеи Заатәи Абжьарашәышықәсақәа инадыркны ҩажәатәи ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа рҟынӡа урҭ ирыхҭысыз аҽыԥсахрақәеи» захьӡу атемала (азанааҭ 07.00.07 – аетнографиа, аетнологиа, антропологиа) Асланбек Сулҭан-иԥа Мирзоев аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор иҩаӡара ихҵаразы адиссертациа ахьчара. Адиссертациагьы авторефератгьы шьҭоуп Аԥсуаҭҵааратә институт абиблиотекаҿы, иара убасгьы релектронтә версиақәа ҭоуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа асаит akademra.org «Аҭҵаарадырратә усура» аҟәшаҿы.

ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АУСЕИЦУРА АҼАРҬБААЛОИТ

2022 шықәса жьҭаарамза 12 рзы Шәача ақалақь имҩаԥысит «Амшынеиқәаҿықә иахьаҵанакуа жәларбжьаратәии арегионбжьаратәии аҭҵаарадырра-рҵаратә усеицуразы» аҭҵаарадырратә симпозиум.

Асимпозиум иалахәын Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аделегациа. Аԥсуа Академиа ахалархәра адагьы, Урыстәыла анаукақәа ракадемиа Аҭҵаарадырреи иреиҳау аҵараиуреи рминистрра инаваргыланы, аиҿкааҩцәа рхыԥхьаӡараҿы иҟан.  

Аԥсуа делегациа иалан Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент З.Џь. Џьапуа, Академиа иаҵанакуа аинститутқәа рнапхгаҩцәа Л.И. Аиба, А.Е. Ашәба, Р.С. Дбар, Е.Ш. Гәбаз, Б.А. Лазба, З.И. Амқәаб, З.И. Шьалашьаа.

Асимпозиум мҩаԥысуан Афедералтә ҭҵаарадырратә центр «УАР Асубтропикатә ҭҵаарадырратә центр» аконференц-зал аҿы.

Аиԥылараҿы ихадароу ҳәа иалкаан, ԥсабаралеи ҳауалеи еиҳа еизааигәоу ҳәа иԥхьаӡоу арегионқәа ирызцәырҵуа азеиԥш зҵаарақәа рыӡбараҿы аусеицуреи аицхыраареи. Ус, Аԥсни Урыстәылеи еидызкыло акакәны иҟоуп асубтропикатә ҵиааӡара. Убриаан иазгәаҭатәуп, Шәачагьы Аԥсынгьы ацитрустә шәырқәа шеиццәырҵыз. Раԥхьатәи аԥышәаратә станциақәагьы аԥҵан XIX ашәышықәса анҵәамҭазы – 1894 шықәсазы.

Асимпозиум аусура иалагаанӡа, Астубтропиатә центр анапхгаҩцәа А.В. Рындини А.П. Платонови Аԥснынтәи инеиз асасцәа ирԥыланы, Аботаникатә баҳча ддырбеит. Абаҳчаҿы асасцәа идырбан 173 ҳәынҭқарра злахәны иҟоу «Аиҩызара аҵла». Уи азааигәара иҟоуп агәаларшәагатә стела, уаҟа ҳара ҳҳәынҭқарра алоуп ишаатуа асиа. Астела иарҭо адыргақәа рхыԥхьаӡара иацлеит Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент ихьӡ ахьарбоу адыргагьы. Аԥсны ахаҭарнакцәа иара убасгьы рнапы анырҵеит Ҳаҭыр зқәу асасцәа рышәҟәаҿгьы.

Асубтропикатә центр аҩныҵҟа асасцәа рзы еиҿкаан ацәыргақәҵа. Уа иӡырган крызхыҵуа аҭыжьымҭақәа, ҳаамҭа иақәшәо алабораториақәа. Иҳәатәуп, Ацентр аҿы еиҿкаау алабораториақәа рҿы аус шыруа Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Ақыҭанхамҩатә институт аспирантцәагьы. Ҳақыҭанхамҩатә институти ари Ацентри аус еицыруеижьҭе акырҵуеит. 

Асимпозиум анаадырт анаҩс, апленартә еилатәараҿы асасцәа рыхьӡала дықәгылеит З.Џь. Џьапуа, иара убас апленартә еилатәараҿы дықәгылеит Л.И. Аиба.

Асимпозиум иалахәыз инарҭбааны иалацәажәеит иаҳзеиԥшу аҭҵаарадырратә зҵаарақәа, Амшынеиқәаҿықә иахьаҵанакуа амшынҵакыраҿы аусеицушьа.

Аиԥылара хыркәшо, алахәылацәа ирыдыркылеит арезолиуциа.

Иалкаан иҳәатәуп, УАР Асубтропикатә ҭҵаарадырратә центр аҿы ишаԥҵаз Амшынҿықә иахьаҵанакуа асоциал-економикатә ҿиара иазку аҭҵаарадырратә усеицуразы Жәларбжьаратәи Ахеилак.

Асимпозиум аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны аҭаарадыррақәа ракадемиеи Афедералтә ҭҵаарадырратә центр «УАР Асубтропикатә центри» рыбжьара иаҵаҩын аусеицуразы Аиқәышаҳаҭра.

(Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апресс-маҵзура)