АЛАҲӘАРА

2024 шықәса лаҵарамза 30 рзы асааҭ 11 рзы Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны еиҿкаахо зныктәи Адиссертациатә хеилак аилатәараҿы имҩаԥысуеит «Ачерқесцәа реибашьратә культура итрадициатәу аинститутқәеи Заатәи Абжьарашәышықәсақәа инадыркны ҩажәатәи ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа рҟынӡа урҭ ирыхҭысыз аҽыԥсахрақәеи» захьӡу атемала (азанааҭ 07.00.07 – аетнографиа, аетнологиа, антропологиа) Асланбек Сулҭан-иԥа Мирзоев аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор иҩаӡара ихҵаразы адиссертациа ахьчара. Адиссертациагьы авторефератгьы шьҭоуп Аԥсуаҭҵааратә институт абиблиотекаҿы, иара убасгьы релектронтә версиақәа ҭоуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа асаит akademra.org «Аҭҵаарадырратә усура» аҟәшаҿы.

Зураб Џьапуа Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аҳәаанырцәтәи лахәылас далхуп

Лаҵарамза 31 рзын Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Аҭоурых-филологиатә ҭҵаарадыррақәа рыҟәшаҿы  имҩаҧысуаз абжьыҭираан аурыс ҵарауаа аҧсуа епосҭҵааҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, академик, апрофессор, Аҧсуа Академиа апрезидент, Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр адиректор Зураб Џьота-иҧа Џьапуа Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аҳәаанырцәтәи алахәыла ҳәа ахьӡ ихҵаразы еицҿакны рыбжьы рҭиит. 

Иацы, рашәарамза аказы, Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Азеиҧш еизараҿы имҩаҧысуаз абжьыҭира иалҵшәаны, зыбжьы зҭиуаз аурыс академикцәа 1080-ҩык рҟынтәи 1005-ҩык рнапҩахарала Зураб Џьапуа Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аҳәаанырцәтәи лахәылас далхын. 

Иазгәаҭатәур, аҧсуа гуманитартә ҭҵаарадырраҿы асеиҧш иҟоу ахҭыс шраҧхьатәиу.