АЛАҲӘАРА

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны лаҵарамза 26, асааҭ 11: 00 рзы имҩаԥгахоит Габниа Дифа Назырбеи-иԥҳа афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат ҳәа аҵараҩаӡара аиуразы лдиссертациатә усумҭа «Аԥҳәыс лхаҭара аеволиуциа аԥсуа епикатә литератураҿы» (ашифр 5.9.10 – «аԥсуа литература») ахьчара

Ажәабжьқәа

ИԤСҬАЗААРА ДАЛҴИТ ААР АКАДЕМИК ВЛАДИМИР КОНСТАНТИН-ИԤА ЗАНҬАРИА.

  • 22.03.2026

Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидиум гәалсра дула адырра ҟанаҵоит иԥсҭазаара дшалҵыз ААР академик, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, аҳәынҭқарратә аусзуҩ,апоет, аиҭагаҩ, апублицист, еиуеиԥшым […]

АԤСНЫ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИА 2025 ШЫҚӘСАЗТӘИ АУСУРА ЕИХЫЗШЬАЛОЗ АИЗАРА ДУ МҨАԤЫСИТ.

  • 16.03.2026

Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа (ААР) аҟәшақәа хԥеи урҭ ирыҵаркуа аинститутқәа быжьбеи рҿы 2025-тәи ашықәс алҵшәақәа Аботаникатә баҳча аконференц-зал аҿы март 13 […]

ИҬЫҴИТ АԤСНЫ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИА АДЫРРАҬАРА ҲАЗҬОУ АШЫҚӘСАЗТӘИ АНОМЕРҚӘА.

  • 01.12.2025

Аҭҵаарадырратә журнал ҭыҵуеит ҩ-сериакны: агуманитартә ҭҵаарадыррақәа рсериеи аԥсабаратә ҭҵаарадыррақәа рсериеи ҳәа. Агуманитартә сериа 15-тәи аномер иагәылалеит 20 статиа, урҭ еихшоуп […]

ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АҬҴААРАДЫРРАТӘ КОНФЕРЕНЦИА МҨАԤЫСИТ АРЕСПУБЛИКА САХА (ИАКУТИА)

  • 24.11.2025

Аԥсуа ҵарауаа Зураб Џьапуа, Саида Ҳаџьым, Наала Барцыц рхы аладырхәит абҵарамза 20-21 рзы Ареспублика Саха (Иакутиа) аҳҭнықалақь Иакутск имҩаԥысуаз «Аепос […]

ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АЛАНТӘ СИМПОЗИУМ

  • 25.10.2025

Жьҭаарамза 21–23 рзы В.И. Абаев ихьӡ зху Агуманитартәи асоциалтәи ҭҵаарақәа рзы Нхыҵ Уаԥстәылатәи аинститут аҟны (ақ. Владикавказ) имҩаԥысит Жәларбжьаратәи Алантә […]

ИМАҨАҦЫСИТ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИА ИЗААМҬАНЫТӘИУ АИЛАТӘАРА

  • 13.08.2025

Нанҳәамза 13, 2025 шықәса рзы имҩаҧысит Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аилатәара. Азҵаара хадақәа рахь ииасаанӡа ААР апрезидент Зураб Џьапуа иколлегацәа адырра риҭеит […]

Ҭырқәтәыла Диузџье аҟазареи аҭҵаарадырреи рфакультет аҿы иаҧҵоу  Аҧсуа бызшәеи алитературеи ркафедра астудентцәа Аҧсны аҭҵарадыррақәа ракадемиа иаҭааит.

  • 29.07.2025

Анаука еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы аимадарақәа рышьақәыргылареи рырҿиареи ирыҵаркуа азҵаарақәа ирылацәажәеит. Аиҧылара мҩаҧысит аибадырратәҟазшьа аманы. Атәыла иреиҳаӡоу анаукатә усбарҭа апрезидент Зураб […]