АЛАҲӘАРА

2024 шықәса лаҵарамза 30 рзы асааҭ 11 рзы Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны еиҿкаахо зныктәи Адиссертациатә хеилак аилатәараҿы имҩаԥысуеит «Ачерқесцәа реибашьратә культура итрадициатәу аинститутқәеи Заатәи Абжьарашәышықәсақәа инадыркны ҩажәатәи ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа рҟынӡа урҭ ирыхҭысыз аҽыԥсахрақәеи» захьӡу атемала (азанааҭ 07.00.07 – аетнографиа, аетнологиа, антропологиа) Асланбек Сулҭан-иԥа Мирзоев аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор иҩаӡара ихҵаразы адиссертациа ахьчара. Адиссертациагьы авторефератгьы шьҭоуп Аԥсуаҭҵааратә институт абиблиотекаҿы, иара убасгьы релектронтә версиақәа ҭоуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа асаит akademra.org «Аҭҵаарадырратә усура» аҟәшаҿы.

Ажәабжьқәа

96 ШЫҚӘСА ДШЫРҬАГЫЛАЗ ЛЫԤСҬАЗААРА ДАЛҴИТ АԤСНЫ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИА ҲАҬЫР ЗҚӘУ АДОКТОР МИРРА ХОҬЕЛАШВИЛИ-ИНАЛ-ИԤА

  • 02.05.2024

Аԥсны аҭҵаарадырратә еилазаара ацәыӡ ду аиуит. 96 шықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит аҭоурыхҭҵааҩ, археолог, Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, Аҳәынҭқарратә музеи аҿы […]

АԤСУА ҬҴААРАДЫРРЕИ АКУЛЬТУРЕИ РҾЫ ЗДАҞАМЛАЦ АХҬЫС ҞАЛЕИТ. АҬЫЖЬЫРҬА ACADEMIA АҞНЫ АКЬЫԤХЬ АБЕИТ АА-ТОМК ЗҴАЗКУА АԤСУАА РНАРҬТӘ ЕПОС

  • 29.04.2024

Аԥсуа ҭҵаарадырреи акультуреи рҿы здаҟамлац ахҭыс ҟалеит. Аҭыжьырҭа «Academia» аҟны акьыԥхь абеит аа-томк зҵазкуа аԥсуаа рнарҭтә епос. Аредактор-аиқәыршәаҩ – Аԥсны […]

АԤСНЫ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИА ИАТӘУ, Д. И. ГӘЛИА ИХЬӠ ЗХУ АԤСУАҬҴААРАТӘ ИНСТИТУТ АҾЫ АУСУРА ИАЛАГЕИТ ХӘЫХӘЫТ СОЛОМОН-ИԤА БӶАЖӘБА ДИИЖЬҬЕИ 110 ШЫҚӘСА АҴРА ИАЗКУ 68­ТӘИ АИХШЬААЛА­ҬҴААРАДЫРРАТӘ СЕССИА

  • 24.04.2024

Мшаԥымза 23 рзы Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы аусура иалагеит аҵарауаҩ­абызшәаҭҵааҩы, алитератураҭҵааҩ, афилологиатә […]

МШАԤЫМЗА 17 РЗЫ АԤСНЫ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИАҾЫ ИМҨАԤЫСИТ АКАДЕМИА АПРЕЗИДИУМ ИЗААМҬАНЫТӘУ АИЛАТӘАРА

  • 18.04.2024

Мшаԥымза 17 рзы Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиаҿы имҩаԥысит Академиа апрезидиум изаамҭанытәу аилатәара. Уи аҟны иахәаԥшын аиашьаратә абазатә жәларқәа рхаҭарнакцәа иреиуоу, хҩык аҵарауаа Аҭҵарадыррақәа […]

АԤСНЫ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИА АПРЕЗИДЕНТ ЗУРАБ ЏЬАПУА АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АСЛАН БЖЬАНИА ИМШИРА ИДИНЫҲӘАЛЕИТ

  • 06.04.2024

Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент Зураб Џьапуа Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа имшира идиныҳәалеит. Адныҳәалараҿы иаҳәоит: Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иҧа, Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидиуми, ҳтәыла аҭҵаарадырратә […]

АЛАҲӘАРА

  • 02.04.2024

2024 шықәса лаҵарамза 30 рзы асааҭ 11 рзы Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны еиҿкаахо […]