АЛАҲӘАРА

2024 шықәса лаҵарамза 30 рзы асааҭ 11 рзы Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны еиҿкаахо зныктәи Адиссертациатә хеилак аилатәараҿы имҩаԥысуеит «Ачерқесцәа реибашьратә культура итрадициатәу аинститутқәеи Заатәи Абжьарашәышықәсақәа инадыркны ҩажәатәи ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа рҟынӡа урҭ ирыхҭысыз аҽыԥсахрақәеи» захьӡу атемала (азанааҭ 07.00.07 – аетнографиа, аетнологиа, антропологиа) Асланбек Сулҭан-иԥа Мирзоев аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор иҩаӡара ихҵаразы адиссертациа ахьчара. Адиссертациагьы авторефератгьы шьҭоуп Аԥсуаҭҵааратә институт абиблиотекаҿы, иара убасгьы релектронтә версиақәа ҭоуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа асаит akademra.org «Аҭҵаарадырратә усура» аҟәшаҿы.

Ажәабжьқәа

АԤСНЫ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИА АПРЕЗИДИУМ ИЗААМҬАНЫТӘИУ АИЛАТӘАРА МҨАԤЫСИТ ЖӘАБРАНМЗА 28 РЗЫ

  • 01.03.2024

Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Апрезидиум изаамҭанытәиу аилатәара мҩаҧысит жәабранмза 28 рзы. Амш аусхәаҧштә ала Апрезидиум алахәылацәа азҵаарақәа жәпакы ирзааҭгылеит. ААР апрезидент […]

ААР АПРЕЗИДЕНТ ЗУРАБ ЏЬАПУА ИҼРЫЛАИРХӘИТ АԤСУА ЛИТЕРАТУРА АШЬАҬАРКҨЫ ДЫРМИТ ГӘЛИА ИИУБИЛЕИ ИАЗКУ АУСМҨАԤГАТӘҚӘА

  • 22.02.2024

Жабранмза 21 рзы 150 шықәса ҵуеит Аҧсны жәлар рпоет, аҵарауаҩ Дырмит Гәлиа диижьҭеи. Уи Аҟәа анышә дахьамадоу ибаҟаҿы ауаажәларра ишьҭарҵеит […]

АԤСНЫ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИАҾЫ ЖӘАБРАН 14 РЗЫ ИМҨАԤЫСИТ ИЗААМҬАНЫТӘИУ АПРЕЗИДИУМ АИЛАТӘАРА

  • 15.02.2024

Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиаҿы жәабран 14 рзы имҩаҧысит изаамҭанытәиу Апрезидиум аилатәара. Амш аусхәаҧштә аҿы иқәгылан азҵаарақәа – атехникатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор иҵараҩаӡара […]

АԤСНЫ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИАҾ ԤШЬҨЫК АСПИРАНТЦӘА РНАПАҾЫ ИРЫҬАН АРШАҲАҬГАҚӘА

  • 08.02.2024

Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиаҿ ҧшьҩык аспирантцәа рнапаҿы ирыҭан аршаҳаҭгақәа. Амҧар Адгәыр Баҭал-иҧа, Ҵәыџьба Рашид Адамыр-иҧа, Инаҧшьба Инал Гаврил-иҧа, Кәыпалба Хамида Гарри-иҧҳа, […]

АԤСНЫ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИАҾ ИМҨАԤЫСЫЗ АЗЕИԤШ ЕИЗАРАҞНЫ ИАЛЫРХУАН ААР АПРЕЗИДИУМ АЛАХӘЫЛАЦӘА

  • 25.01.2024

Жәабран 24 рзы Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиаҿ имҩаҧысыз Азеиҧш еизараҟны иалырхуан ААР апрезидиум алахәылацәа. 2023 шықәса жьҭаарамзазы ААР апрезидентс деиҭалхын афилологиатә […]

ИҬЫҴИТ «ААР АДЫРРАҬАРА» 13-ТӘИ АНОМЕР

  • 10.11.2023

Акьыԥхь абеит ҳаамҭазтәи аԥсуа наука апериодика хада – Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Адырраҭара «Агуманитартә ҭҵаарадыррақәа» рсериа 13-тәи аномер. Ишәгәалаҳаршәоит, ААР аҭыжьырҭа […]

АԤСНЫ АҬҴААРАДЫРРАҾЫ ГЬ. А. ӠИӠАРИА ИХЬӠ ЗХУ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ПРЕМИА АИУРАЗЫ 2023 ШЫҚӘСАЗТӘИ АКОНКУРС АИХШЬАЛА ҞАҴОУП

  • 24.09.2023

Цәыббрамза 22, 2023 шықәсазы Гь. А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы акомиссиа аилатәараҿы аконкурс аихшьала ҟаҵан. Аконкурс рылаҳәан 2023 […]