АЛАҲӘАРА

2024 шықәса лаҵарамза 30 рзы асааҭ 11 рзы Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны еиҿкаахо зныктәи Адиссертациатә хеилак аилатәараҿы имҩаԥысуеит «Ачерқесцәа реибашьратә культура итрадициатәу аинститутқәеи Заатәи Абжьарашәышықәсақәа инадыркны ҩажәатәи ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа рҟынӡа урҭ ирыхҭысыз аҽыԥсахрақәеи» захьӡу атемала (азанааҭ 07.00.07 – аетнографиа, аетнологиа, антропологиа) Асланбек Сулҭан-иԥа Мирзоев аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор иҩаӡара ихҵаразы адиссертациа ахьчара. Адиссертациагьы авторефератгьы шьҭоуп Аԥсуаҭҵааратә институт абиблиотекаҿы, иара убасгьы релектронтә версиақәа ҭоуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа асаит akademra.org «Аҭҵаарадырратә усура» аҟәшаҿы.

Ажәабжьқәа

Аекологиа аинститут аҿы имҩаҧысит адиректоррахь акандидат иалхр

  • 24.06.2022

Рашәарамза 23 рзы Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу Аекологиа аинститут аҿы имҩаҧысит Аинститут адиректоррахь акандидатура алхра. Усеиҧш агәрагара иҭан иахьа-уажәраанӡа аинститут […]

Аурыс политик, аҵарауаҩ Сергеи Бабурин Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аҳәаанырцәтәи алахәыла ҳәа ахьӡ ихҵоуп

  • 24.06.2022

Рашәарамза 22 рзы имҩаҧысыз Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидиум аилатәараҿ Урыстәыла аҳәынҭқарратә, аполитикатә усзуҩ, аҵарауаҩ-зиндырҩы, азиндырратә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Сергеи Николаи-иҧа […]

АԤСНЫ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИА

  • 21.06.2022

АИНФОРМАЦИАТӘ ШӘҞӘЫ Ҳаҭыр зқәу аколлегацәа! Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа 25 шықәса ахыҵра аиубилеи ахьӡала 2022 шықәса, жьҭаарамза 20 – 21 рзы имҩаԥгахоит аспирантцәеи аҵарауаа ҿарацәеи злахәу аҭҵаарадырратә конференциа. АКОНФЕРЕНЦИА АУСУРА АХЫРХАРҬА ХАДАҚӘА: 1) Агуманитартә; […]

Рашәарамза 8 рзын Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидиум аилатәараҿы имҩаҧысит ААР Аекономикеи азини ринститут адиректор иалхра

  • 11.06.2022

Рашәарамза 8 рзын Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидиум аилатәараҿы имҩаҧысит ААР Аекономикеи азини ринститут адиректор иалхра. Аинститут аусзуҩцәа реизараҟынтә директорс ихьӡ […]

Зураб Џьапуа Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аҳәаанырцәтәи лахәылас далхуп

  • 02.06.2022

Лаҵарамза 31 рзын Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Аҭоурых-филологиатә ҭҵаарадыррақәа рыҟәшаҿы  имҩаҧысуаз абжьыҭираан аурыс ҵарауаа аҧсуа епосҭҵааҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, академик, апрофессор, Аҧсуа […]

Аиааира ду амш ахьӡала адныҳәалара

  • 09.05.2022

Ҳажәлар, шәхацкы! Иахьа иазгәаҳҭоит Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҿы игаз Аиааира 77 шықәса ахыҵра.Ари аныҳәа даҽа ныҳәак еиҧшым. Зҭоурыхтә мҩа еибашьрала […]

ИМҨАԤЫСИТ АԤСНЫ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИА АПРЕЗИДИУМ АИЛАТӘАРА

  • 30.04.2022

Мшаԥымза 27 рзы имҩаԥысит Аԥсныаҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидиум аилатәара.   Апрезидиум алахәылацәа ишьақәдырӷәӷәеитАԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟныимҩаԥысраны иҟоу аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәардоктор ҳәа аҩаӡара ахьчаразы Зныктәиадиссертациатә хеилак.  Уи азҵаара анаҩс, апрезидиум иаднакылазаӡбамҭала, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиаАекологиа аинститут адиректор, абиологиатәҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент, Аԥсуауниверситет ҳаҭыр зқәу апрофессор Роман Саид-иԥа Дбар Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиаҲаҭыр зқәу адоктор ҳәа ахьӡ ихҵан.  Аилатәараҿы иазааҭгылан аҵарауаҩ инапыишыҵижьхьо ҩ-монографиаки 196 ҭҵаарадырратәстатиеи. Имонографиақәа руак азы ишианаршьахьоу Гь.А. Ӡиӡариа ихьӡ зхуАҳәынҭқарратә премиа. Роман Дбариааиԥмырҟьаӡакәа ихы рылаирхәуеитаҭҵаарадырратә конференциақәа. Аԥсныаҩныҵҟагьы, Аԥсны анҭыҵгьы ибзиан ирдыруаҵарауаҩуп.  Апрезидиум алахәылацәа алацәажәеит аԥсуаҭҵаарадырразы кырӡа зҵазкуа – быжь-томкны иҟоуаԥсуа нарҭтә епос аҭыжьра азҵаара. Алахәылацәаеицҿакны иақәшаҳаҭхеит, афилологиатәҭҵаарадыррақәа рдоктор З.Џь. Џьапуа иредакциалаеиқәыршәоу, нарҭаа рҳәамҭақәа томрацәалатәиаизга аҭыжьра Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиаапрезидиум аӡбамҭала ашьақәырӷәӷәара. Аилатәараҿы иазааҭгылан асеиԥш иҟоу апроектаԥсуа ҭҵаарадырра арӷәӷәараҿы илагала дуныишыҟало атәы.