АЛАҲӘАРА

2024 шықәса лаҵарамза 30 рзы асааҭ 11 рзы Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны еиҿкаахо зныктәи Адиссертациатә хеилак аилатәараҿы имҩаԥысуеит «Ачерқесцәа реибашьратә культура итрадициатәу аинститутқәеи Заатәи Абжьарашәышықәсақәа инадыркны ҩажәатәи ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа рҟынӡа урҭ ирыхҭысыз аҽыԥсахрақәеи» захьӡу атемала (азанааҭ 07.00.07 – аетнографиа, аетнологиа, антропологиа) Асланбек Сулҭан-иԥа Мирзоев аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор иҩаӡара ихҵаразы адиссертациа ахьчара. Адиссертациагьы авторефератгьы шьҭоуп Аԥсуаҭҵааратә институт абиблиотекаҿы, иара убасгьы релектронтә версиақәа ҭоуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа асаит akademra.org «Аҭҵаарадырратә усура» аҟәшаҿы.

Ажәабжьқәа

Азеиԥш еизара

  • 01.11.2021

ААР азеиԥш еизара6.1. ААР аколлегиатә напхгараҭара иреиҳаӡоу аусбарҭа акәны иҟоуп ААР азеиԥш еизара.6.2. ААР азеиԥш еизара иалахәылацәоуп: ААР апрезидент,ААР апрезидиум […]

Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа имҩаҧнагеит Аҭҵаарадырра амш иадҳәалаз Азеиҧш еизара

  • 29.10.2021

Жьҭаарамза 29 рзы Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа имҩаҧнагеит Аҭҵаарадырра амш иадҳәалаз Азеиҧш еизара. Сынтәа иҵит 24 шықәса Аҧсны Актәи Ахада Владислав […]

Аспирантурахь адкылара

  • 11.08.2021

АԤСНЫ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИА ирыланаҳәоит 2021–2022-тәи аҵарашықәс азы аспирантурахь адкылара шыҟало абарҭ азанааҭқәа рыла: «Афольклорҭҵаара» (10.01.09) – ҭыԥк (1); «Аџьынџьтәыла аҭоурых; […]

Иахьа иирамш азгәеиҭоит Шоҭа Хьыҷ-иҧа Салаҟаиа.

  • 18.07.2021

Иахьа, ҧхынгәы 18 рзы, 88 шықәса ихыҵит раҧхьаӡатәи аҧсуа профессионалтә фольклорҭҵааҩ, Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи Адыгатәи Жәларбжьаратәи аҭҵааарадыррақәа ракадемиеи ракадемик, афилологиатә […]

СЫРҴАҨЫ ИШЬХАЦАМҨА (Ш. Ҟ. АРСҬАА ИИУБИЛЕИ АҾТӘИ АЖӘА)

  • 14.06.2019

З. Џь. Џьапуа СЫРҴАҨЫ ИШЬХАЦАМҨА (Ш. Ҟ. Арсҭаа ииубилеи аҿтәи ажәа) Ҳаҭыр зқәу ҳасасцәа, ажәлар! Шоҭа Ҟасҭеи-иҧа Арсҭаа  хьӡи-ҧшеи змоу […]

Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа изаамҭанытәу азеиҧш еизара

  • 03.04.2015

Апрель 3, 2015 шықәсазы имюаҧысит Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа изаамҭанытәу азеиҧш еизара. Аизара иалахәын Аҧсны Ахада Р.Џь. Ҳаџьым, Аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ […]

ААР Апрезидиум инеицыху аилатэара

  • 24.03.2015

Март 24, 2015 шықәсазы имҩаҧысит Аҧсны  Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Апрезидиум инеиҵыху аилатәара. Уахь инаҧхьан Апрезидиум алахәылацәеи, ААР аинститутқәа рнаҧхгаҩцәеи. Аилатәара аартуа, […]